АҞӘА, жьҭаара 9 - Sputnik. Шәачатәи аҳазалхыҩцәеи аҳәаахьчаҩцәеи иаԥдырҟәҟәааит аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аҭаҭын аалыҵ аҳәаа ахыгара ҳәа аанацҳауеит Шәачатәи аҳазалхра апресс-маҵзура.
Аԥсны атәылауаҩ зыԥсҟы икыз автомобиль "ВАЗ 21053 ЛАДА" аҳазалхратә гәаҭара ианахыргоз амобилтә инспекциа-гәаҭаратә комплекс ахархәарала иаарԥшын ашәҟәы иҭагаламыз аидара шақәыз.
Амашьына асалон аҿы, ашьҭахьтәи атәарҭа абӷакыдҵарҭаҿы иԥшаан скотчла иаркыз асигареҭ "Business Class". Асигареҭқәа рхыԥхьаӡара 160 ҭра ыҟан (3200 цыра). Азауадтә плионка илаҳәан, арбага ақәмыргылаӡакәа.
Атауар рымхын, аалыҵ аекспертизахь инашьҭын. Аконтрабандаз аусҭҵаара хацыркын Урыстәыла административтә закәанеилагара ахәҭаҷ 16.2 ахәҭа 1 (атауар ашәҟәы аҭамгаларазы ма инагӡаны аҭамгаларазы), ахәҭаҷ 16.3 (ишьақәыргылоу аԥкрақәеи аркьаҿрақәеи реилагара) инарықәыршәаны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аҳәааҟны аҽазныкгьы аҭаҭын аалыҵ аконтрабанда аанкылан
Аԥсны атәылауаҩ Урыстәылаҟа 730 сигареҭҭра аиагара иҽшазишәоз даанкылан