АҞӘА, жьҭаара 1 – Sputnik. Аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы Шәачатәи аҳазалхыҩцәа Аԥснынтәи Урыстәылаҟа контрабандала ииаргоз аҭаҭын аалыҵ ааныркылеит ҳәа аанацҳауеит Шәачатәи аҳазалхырҭа апресс-маҵзура.
© Foto / Пресс-служба Пограничного управления ФСБ России по Краснодарскому краюАҳәааҟны аҽазныкгьы аҭҭын аалыҵ аконтрабанда аанкылан
Аҳәааҟны аҽазныкгьы аҭҭын аалыҵ аконтрабанда аанкылан
© Foto / Пресс-служба Пограничного управления ФСБ России по Краснодарскому краю
"Аушьҭырҭатә ҭыԥ автомашьынатә цәаҳәаҿы даанкылан Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩ. Иара иавтомашьына агәаҭара ахыжьраан абылтәыҭаҭәарҭаҿ аҭыԥ маӡа шамаз аарԥшын", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Иаарԥшын закәаншьаҭада аҳәаа иахигоз 1200 пачка асигарет.
Аҭаҭын аалыҵ Шәача аҳазалхыҩцәа апроцессуалтә ӡбара адкыларазы иргеит.
Ашықәс иалагазар 500 рҟынӡа ус административтә закәанеилагара аганахьала ихацыркуп.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: