Арадио

Амедколлеџь астудент COVID-госпиталь аҿы лусуразы: сшәон, аха ԥышәа дууп

Аҟәатәи амедицинатә коллеџь астудент Саида Гәлиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит Гәдоуҭатәи COVID-госпиталь аҿы лусура атәы.
Sputnik
Амедколлеџь астудент COVID-госпиталь аҿы лусуразы: сшәон, аха ԥышәа дууп

"Гәдоуҭа аусура ҳара ҳзы ԥышәа дууп. Ас еиԥш ажәалагала сҭаацәа ианрыдызгала, мап рымкит. Аиашазы, сшәон, аха иагьа ус иҟазаргьы, ҳааит. Ҳхы ҳахьчоит. Аҭагылазаашьа уадаҩуп, ицәгьоуп ҳашьцылаанӡа, аха нас иаҳа еиӷьхап ҳәа ҳгәыӷуеит. Мышкы аус аауеит, анаҩс ҩымш аҩны ҳаҟоуп. Сара хаҭала гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы ахәшәқәа еидыскылоит, анаҩс исышьҭуеит амедиаҳәшьа еиҳабы лахь, уа лара еихылшоит. Аҟаԥшь зонахь макьана сымнеицт, хәыҷык аԥышәа ансырҳалак, уахьгьы снеирц сҭахуп", - ҳәа еиҭалҳәеит Гәлиаԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: