"Мчыбжьык уа ҳаҟан. Ашьыжь асааҭ быжьба рзы азона ҟаԥшь ҳәа иахьашьҭоу ҳаҩналон, шьыбжьон асааҭ 1-2 рҟынӡа уа ҳаныҟаз ыҟан, аҭагылазаашьа зеиԥшраз еиԥш, ачымазаҩцәа ааргар, ҳаанхар ауан, нас ҳусқәа ааҟаҵаны ҳдәылҵуан. Ҳусура зырцәгьо иаҳшәу ахыхьчагатә маҭәарқәа роуп. Ашоура бааԥсуп, аԥхӡы улҵуеит, иҟауҵо убаӡом, убри ауп еиҳарак аџьабаа зцу, ицәгьоуп уанашьцылам. Ачымазцәа згәы каҳан иҟоу ыҟоуп, аха убри аан ирылшон ажәа хаақәа ҳаҳәара, уи ҳаргьы ҳгәы ҟанаҵон, еилыркаауан ҳусура атәы, игәнызгозгьы дубарын. Зны-зынла иахьыҳамбоз азы рда ҳанақәымшәоз ыҟан, аха ачымазцәа гәамҵӡомызт, аилкаара аадырԥшуан", - ҳәа еиҭалҳәеит Бигәааԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Џьапуаԥҳа COVID-19 азы: ушақәымгәыӷуа ирлас иҿиоит, аха агәкажьра ҟалаӡом
-
Ахсалԥҳа Гәдоуҭатәи агоспиталь аҟны ишьҭоу рыкрыфаразы: излаҳалшо ала ак рыгҳажьуам
-
COVID -19 змоу ачымазаҩ: акоронавирус ыҟаӡам зҳәо ма аҳақьымцәа ирызхәыцааит