Аԥсны Атәылахьчара аминистрра Урыстәылахь аҳәара ҟанаҵеит амобильтә госпиталь аиуразы

Аԥсны Атәылахьчара аминистрра аҳәара ҵаҵӷәыс иамоуп ареспубликаҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа аицәахара, COVID-19 змоу рхыԥхьаӡара аизҳара.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 14 - Sputnik. Аԥсны Атәылахьчара аминистрра Урыстәыла Атәылахьчара аминистррахь аҳәара ҟанаҵеит Аԥсны иахьаҵанакуа адәытә госпиталь, 500 ҭыԥ аманы аргыларазы. Абри атәы аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра апресс-маҵзура.

Аԥсны Атәылахьчара аминистр Владимир Ануа абри азы ашәҟәы ишьҭит урыстәылатәи иколлега Сергеи Шоигу ихьӡала жьҭаара 12 рзы.

"Ҳшәыҳәоит излауала иаарласны Аԥсны Аҳәынҭқаррахь 500 ҭыԥ змоу амобилтә госпитали, амедицинатә персонали, иахәҭаны иҟоу амедицинатә препаратқәеи раашьҭра ҳзеиҿышәкаарц", - ҳәа аҳәоит ашәҟәы атекст аҿы.

Аԥсны Атәылахьчара аминистрра аҳәара ҵаҵӷәыс иамоуп ареспубликаҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа аицәахара, COVID-19 змоу рхыԥхьаӡара аизҳара.

Уаанӡа урыстәылатәи аусбарҭеи аԥснытәи аусбарҭеи рнапхгара ҿырҳәалатәи аконсультациақәа мҩаԥыргахьан.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: