Акоронавирус аламырҵәаразы аԥкра ҿыцқәа алагалахоит

© Sputnik / Екатерина Чеснокова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСалоны красоты и парикмахерские возобновили работу в Москве
Салоны красоты и парикмахерские возобновили работу в Москве - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡатәи аԥкрақәа алагалан жьҭаара 5 инаркны. Урҭ инарықәыршәаны рзин ҟаҵамызт амассатә спорттәи агәмырҿыӷьгатәи егьырҭ аныҳәатәи уснагӡатәқәа ахыбрақәа рыҩнуҵҟа.

АҞӘА, жьҭаара 13 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аусԥҟа инапы аҵаиҩит атәылаҿ аԥкра ҿыцқәа алагалазарц ҳәа аанацҳауеит ахада исаит.

Бжьаниа уаанӡа инапы зҵаиҩыз аусдҵа "Аԥсны Аҳәынҭқарра ауааԥсыра акоронавирустә инфекциа COVID-19 рацәыхьчаразы хаз игоу уснагӡатәқәак рышьақәыргылара" аԥсахрақәа алеигалеит.

Адокумент инақәыршәаны жьҭаара 15 инаркны абҵара 24 рҟынӡа Аԥсны азин ыҟам:

  • Амассатә спорттә, агәмырҿыӷьгатә, ацәыргақәҵатә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара;
  • Акультуратә усҳәарҭақәа, атеатрқәа, амузеиқәа, абиблиотекақәа, акультуратә центрқәа, акультура аханқәа, аконцерттәи ацәыргақәҵатәи залқәа русура;
  • Ашколқәраҟынӡатәи, азеиԥшҵаратәи усҳәарҭақәа, арҵаратә кружокқәа, аспорттә, акәашаратә, арепетициатә секциақәа русура;
  • СПА-салонқәа, асаунақәа, амассажтә салонқәа русура.

Абри аамҭазы аҳәынҭқарратә напхгараҭара аҭыԥантәии ахадаратәии усбарҭақәа рнапхгаҩцәа, егьырҭ аҳәынҭқарратә усбарҭақәа, аҳәынҭқарратәии амуниципалтәии усҳәарҭақәа, анаплакқәа, аиҿкаарақәа русуҩцәа, 60 шықәса иҭысхьоу, ашколқәраҟынӡатәии алагарҭатә школқәреи (1-4 аклассқәа) ирыҵаркуа ахәыҷқәа змоу рхы иақәиҭыртәыроуп русураҟынтә.

Икоммерциатәуи иккоммерциатәыми аиҿкаарақәа ирабжьгоуп руалафахәы рызныжьны 60 шықәса ирҭысхьоу, ашколқәраҟынӡатәии алагарҭатә школқәреи (1-4 аклассқәа) ирыҵаркуа ахәыҷқәа змоу русзуҩцәа рхы иақәиҭыртәырц.

Жьҭаара 14 инаркны аҳәынҭқарратә напхгараҭара аҭыԥантәии ахадаратәии усбарҭақәа, егьырҭ аҳәынҭқарратә усбарҭақәа, аҳәынҭқарратәии амуниципалтәии усҳәарҭақәа, анаплакқәа, аиҿкаарақәа рҿы ихымԥадазароуп аусуҩцәа амедицинатә сабрадақәеи амедицинатә напхаҵақәеи рныҟәгара. Анапхгара ируалуп русуҩцәа арзҩыдагатә маҭәашьарқәа рыла реиқәыршәара. Иара убарҭ рҩызцәа абжьгара ҟаҵоуп икоммерциатәуи иккоммерциатәыми аиҿкаарақәа рзы.

Абри аамҭазы аҳәынҭқарратә напхгараҭара аҭыԥантәии ахадаратәии усбарҭақәа, егьырҭ аҳәынҭқарратә усбарҭақәа, аҳәынҭқарратәии амуниципалтәии усҳәарҭақәа, анаплакқәа, аиҿкаарақәа рнапхгаҩцәа знапынҵақәа аамҭала акоронавирустә инфекциа аламырҵәаразы ишьақәыргылоу аԥкрақәа ирхырҟьаны иззынамыгӡо руалафахәы ишыҟоу рыҭара руалԥшьоуп.

Атәылауаа ауаажәларратә ҭыԥқәа рҿы хымԥада амедицинатә сабрадақәа ныҟәыргалароуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0