Аԥсны Апарламент COVID-19 азы аиҳабыра ирыднагалеит аԥкрақәа дырӷәӷәарц

© Sputnik / Томас ТхайцукПарламент РА
Парламент РА - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Апарламент адепутатцәа Гәдоуҭатәи аковидтә госпиталь иаҭааит жьҭаара 10 рзы. Убри ашьҭахь аҿкыра ԥхьаҟа аламырҵәаразы абжьгарақәа ҟанаҵеит.

АҞӘА, жьҭаара 14 – Sputnik. Аԥсны Апарламент адепутатцәа атәыла ахада Аслан Бжьаниеи аԥыза-министр Александр Анқәаби ажәадгалақәа рзыҟарҵеит аепидемиологиатә ҭагылазаашьа аицәахара инадҳәаланы. Абри атәы аанацҳауеит Жәлар Реизара асаит.

"Аԥсны Апарламент адепутатцәа агәҭынчымра рызцәырнагоит иҟоу аҭагылазаашьа, акоронавирустә инфекциа (COVID -19) аепидемиа аҽахьарҭбааруа. Шәареи Аминистрцәа реилазаареи ишәылшо зегь шыҟашәҵогьы, апандемиа алаҵәара иаҿуп. Адиагностикатә хархәагақәа ззымхо, Гәдоуҭа иҟоу COVID-госпиталь заҵәы алшарақәа ҳәаадам", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Аԥсны Апарламент адепутатцәа Гәдоуҭатәи аковидтә госпиталь иаҭааит жьҭаара 10 рзы. Уа дара урыстәылатәи амедикцәеи амедусбарҭа аусзуҩцәеи ирыҿцәажәеит.

Салоны красоты и парикмахерские возобновили работу в Москве - Sputnik Аҧсны
Акоронавирус аламырҵәаразы аԥкра ҿыцқәа алагалахоит

Аиԥылараан иазгәаҭан аҿкыра аламырҵәаразы аԥкыратә уснагӡатәқәа шырӷәӷәатәу.

Абри иазхәыцны адепутатцәа аиҳабыра ирабжьыргоеит азеиԥшҵаратәи ашколқәраҟынӡатәи аҵараиурҭақәа, азеиԥш крыфарачарҭақәа, аспортшколқәа, асекциақәа, афитнес-центрқәа, аҽырԥшӡарҭатә салонқәа, ахцәыҟаҵарҭақәа, амузеиқәа, атеатрқәа уҳәа акультура аусҳәарҭақәа акарантин ахь риагара.

Уи адагьы Апарламент аҳәара ҟанаҵоит ауаажәларартә транспорт, аџьармыкьақәа, адәқьанқәа рҟны асанитартә хылаԥшра мҩаԥгалазарц, аҳәынҭқарратәи амуниципалтәи усбараҭқәа русзуҩцәа адистанциатә режим ахь ииагазарц.

Здание администрации президента. - Sputnik Аҧсны
"Аруаа" Аԥсны аиҳабыра Путин иахь амедицинатә цхыраара иаҳәарц азы ааԥхьара ҟарҵеит

Адепутатцәа ргәаанагарала ихымԥадазароуп асабраданыҟәгара арежим ареспублика иахьаҵанакуа зехьынџьара, АИХ рыла асанитар-рккаратә усура арӷәӷәара, аԥкрақәа хылаԥшра рыҭара.

Апарламентарицәа аҳәара ҟарҵеит Гәдоуҭатәи агоспиталь аҿы еиԥҟьарада аҵәыҵәри анашьҭара аиҿкаареи атомограф аусуреи рызҵаарақәа ӡбазарц.

Иара убасгьы Апарламент иаԥхьаӡоит:

  • Акоронавирус ацәыхьчаразы Аоперативтә штаб Гәдоуҭатәи агоспиталь ахь ииагатәуп мамзаргьы есымчыбжьа аусутә еилатәарақәа мҩаԥгатәуп ҳәа;
  • Аԥкыратә аамҭақәа раан ашәахтәқәа рхыԥхьаӡалара аанкылазарц;
  • Ашәахтәшәарақәа рыҿҳәара инахазарц;
  • ИП, абиуџьет аусзуҩцәеи аалхны аиҿкаарақәа рҳасабеилыргаратә, ршәахтә, рстатистикатә ҳасаббара аҿҳәарақәа ирнахазарц;
  • Аҳазалхратә шәарақәа рыҿҳәара анахара, уи азы апроцент рымхрада (аҳазалхратә баџь, НДС);
  • Апластикатә хсаалагақәа Амилаҭтә ԥарашәаратә система "Аԥра" абанкоматқәеи Pos-терминалқәеи рҟны рхархәара архынҳәра.

Аԥсны Амилаҭтә банк иабжьгоуп:

  • Аккредиттә еиҿкаарақәа ауал ареструктуризациа азура азин рыҭара, акредитқәа рзы ахараԥсақәеи апениқәеи рымымхра;
  • Ауал амаҵзура ахаҭабзиара аицәахараан ахатәхаҿқәа акредитқәа рзы ррезервқәа рыцымҵара.
Ажәабжьқәа зегьы
0