Арадио

Чамагәуа COVID-19 рзы аԥкрақәа ирызкны: зегьы аҭакԥхықәра ҳадуп урҭ рынагӡаразы

Адепутат Леонид Чамагәуа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит атәыла анапхгарахь ааԥхьара ҟаҵатәуп ҳәа зырԥхьаӡаз Жәлар Реизараҟны.
Sputnik

Аԥсны Апарламент адепутатцәа Гәдоуҭатәи аковидтә госпиталь иаҭааит жьҭаара 10 рзы. Уи ашьҭахь аҿкы COVID-19 ԥхьаҟа аламырҵәаразы абжьгарақәа ҟарҵеит атәыла ахадеи аԥыза-министри рахь.

 

Чамагәуа COVID-19 рзы аԥкрақәа ирызкны: зегьы аҭакԥхықәра ҳадуп урҭ рынагӡаразы

"Аҭагылазаашьа даара иуадаҩуп, уи атәы иахьа Аԥсны иззымдыруа дыҟам ҳәа сгәы иаанагоит. Аҭагылазаашьа есааира аҽарӷәӷәоит. Агоспиталь аҟны аҳақьымцәа ацхыраара ахьырҭаху рацәоуп атехникатә мзызқәа ирыхҟьаны. Уаҟа гәыкԥсыкала аус зуаз ауаа чмазаҩхо иалагеит. Иахьатәи амш азы аепидемиа нкылашьас иамоу мызкаҟынӡа ԥсеивгарк роуртә алшара аԥҵатәуп. Аизара ҟаҳҵеит адепутатцәа, 21-ы ҳаҟан, иҟаҵатәу ҳәа ҳгәаанагара ахәҭаҷқәа рыла ианҵаны иҳадаҳкылеит, аҳәынҭқарра ахада иахь ааԥхьара ҟаҳҵеит дадгыларц. Апрезидент усҟантәи иԥҟарақәа ирыциҵеит жьҭаара 15 инаркны абҵара 24-нӡа. Ажәлар зегьы еилыркаароуп арежим ҳацныҟәар, ачымазара наҳкылар шауа", - ҳәа азгәеиҭеит Чамагәуа.

 

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: