АҞӘА, жьҭаара 22 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Жәыргьыҭ иҟоу Қырҭтәыла Абанк ахыбра бџьаршьҭыхла дыҩналаны ауаа шасыс изгаз ацәгьоуҩы Аԥсныҟа аҳәаа дзахысӡом иҳәеит Гал араион ахада Константин Ԥлиа, Sputnik аинтервиу аҭо.
Уаанӡа ари ахҭыс ахҳәаа азыҟаиҵеит Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба.
Абџьар зыҟәныз ахаҵа Жәыргьыҭ абанк аҟны жьҭаара 21 рзы шьыбжьон 40-ҩык иреиҳаны ауаа шасыс игеит, иара миллионбжак доллар ирҭарц адҵа ҟаиҵоит ҳәа аанацҳауеит Sputnik Қырҭтәыла.
Сааҭла имҩаԥысуаз аиҿцәажәарақәа рышьҭахь, асааҭ 22:00 рзеиԥш, хҩык ашасцәа рышьҭахь иҽыҵәахны, ахыбра дыҩныҵит.
Уажәазы абанк аҩнуҵҟа иитҟәаз 43-ҩык ашасцәа рхы иақәиҭтәуп, аполициа дара ишәарҭам аҭыԥ ахь инаргеит. Ацәгьоура ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы ашьаусԥшааратә усмҩаԥгатәқәа ирҿуп ҳәа аанацҳауеит Қырҭтәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра.
Ауаа зӷьычыз ауаҩы дахьыҟоу макьана еилкаам, уи шасыс иигаз ауаагьы ирызку аинформациа ыҟам.
Иҟоу дыррақәак рыла, ацәгьоуҩы Аԥсны аганахь ихы ирхеит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: