Жәыргьыҭ абанк иақәлаз ахаҵа ақырҭуа-аԥсуа ҳәаа дахымсӡеит

Идырым ахаҿы жьҭаара 21 рзы Жәыргьыҭ абанк дақәлеит. Шасыс хҩык ауаа згаз ацәгьоуҩы итҟәацәа иманы иҽиӡаразы Аԥсныҟа амҩа дықәлеит ҳәа аарыцҳауеит АИХқәа.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 22 - Sputnik. Жәыргьыҭ абанк иақәлаз ахаҵа Егры аӡиас ала Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳәаа дахымсӡеит, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны ашәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә гәыԥ аиҳабы Рустам Латипов.

Латипов уаанӡа иҳәахьан, ацәгьоуҩы Аԥсныҟа дзымааирц азы атәыла АШәМ аҳәаахьчаратә ҟәшеи Урыстәылеи ҭакԥхықәрас иахьрымоу аҳәаахьчараҿы иақәнагоу ашьаҿақәа шыҟарҵо.

Жәыргьыҭ абанк иақәлаз ацәгьоуҩы дахьыҟоу макьаназ ишьақәыргылам

Ари ахҭыс ахҳәаа азыҟаиҵеит Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, иара иазгәеиҭеит ацәгьа зуз Аԥсны аҳәаа дышзахымсуа. Иара убас иҳәеит ацәгьауаҩ Аԥсны даанкылахар, хымԥада ақырҭуа ган дрырҭоит ҳәа.

Абџьар зыҟәныз ахаҵа Жәыргьыҭ абанк аҟны жьҭаара 21 рзы шьыбжьон 40-ҩык иреиҳаны ауаа шасыс игеит, иара миллионбжак доллар ирҭарц адҵа ҟаиҵеит.

Сааҭла имҩаԥысуаз аиҿцәажәарақәа рышьҭахь, асааҭ 22:00 рзеиԥш, хҩык ашасцәа рышьҭахь иҽыҵәахны, ахыбра дыҩныҵит.

АИХқәа рдыррақәа рыла, иара хҩык атҟәацәа иманы Аԥсны аганахь ддәықәлеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: