Жәыргьыҭ абанк иақәлаз ацәгьоуҩы дахьыҟоу макьаназ ишьақәыргылам

© Sputnik / Илона ХварцкияАрхивное фото.
Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Идырым ахаҿы жьҭаара 21 рзы Жәыргьыҭ абанк дақәлеит. Шасыс хҩык ауаа згаз ацәгьоуҩы итҟәацәа иманы иҽиӡаразы Аԥсныҟа амҩа дықәлеит ҳәа аарыцҳауеит АИХқәа.

АҞӘА, жьҭаара 22 - Sputnik. Аԥхьанатә шасыс игаз ахаҿқәа рхы иақәиҭтәуп, ацәгьоуҩы ишьҭазаара мҩаԥысуеит ҳәа аанацҳауеит Sputnik Қырҭтәыла, Қырҭтәыла ААР аҳәамҭа шьаҭас иҟаҵаны.

"Аполициаа имҩаԥыргаз ауснагӡатәқәа рылшарала  итҟәоу рхы иақәиҭтәуп. Урҭ рыԥсҭазаареи ргәабзиареи шәарҭа рымам", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Қырҭтәыла ауаажәларратә телехәаԥшра актәи аканал адыррала  аҵыхәтәанынӡа итҟәаны иҟаз ашасцәа уажәы  аполициа аҟәшақәа руак аҿы иҟоуп.

Уажәазы ақәылаҩ дахьыҟоу уаҩы издырам.

Граница  - Sputnik Аҧсны
Гал араион ахада: ауаа шасыс изгаз ацәгьоуҩы Аԥсны аҳәаа дзахысӡом

Абџьар зыҟәныз ахаҵа Жәыргьыҭ абанк аҟны жьҭаара 21 рзы шьыбжьон 40-ҩык иреиҳаны ауаа шасыс игеит, иара миллионбжак доллар ирҭарц адҵа ҟаиҵеит.

Сааҭла имҩаԥысуаз аиҿцәажәарақәа рышьҭахь, асааҭ 22:00 рзеиԥш, хҩык ашасцәа рышьҭахь иҽыҵәахны, ахыбра дыҩныҵит.

АИХқәа рдыррақәа рыла, иара хҩык атҟәацәа иманы Аԥсны аганахь ддәықәлеит.

Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура адырра амам Жәыргьыҭ ашасцәа згаз ацәгьоуҩы Аԥсныҟа амҩа дықәуп ҳәа, абри атәы иҳәеит АШәМ аҳәаахьчаратә ҟәша аиҳабы Рустам Латипов.

Аушьҭырҭатә ҭыԥ "Егры" аркуп асааҭ  19:00- 07:00 рзы, абри аамҭазы аҳәаа аӡәгьы дзахысуам иҳәеит иара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0