Аҟәатәи ахәыҷтәы поликлиникаҿы COVID азы агәҩара ззыҟоу ахәыҷқәа ауада рзаадыртит

Уаанӡа Аҟәатәи ахәыҷтәы поликлиника аҳақьым хада Ада Абыхәԥҳа адырра ҟалҵахьан аҳҭнықалақь аҿы 80-ҩык ахәыҷқәа акоронавирустә инфекциа рыдбалоуп ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 24 - Sputnik. Жьҭаара 22 рзы Аҟәатәи ахәыҷтәы поликлиникаҿы COVID-19 рылоуп ҳәа агәҩара ззыҟоу ма изыхьуа ахәыҷқәа рзы акабинет аадыртит ҳәа аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара асаит.

Роспотребнадзор ахәыҷқәа акоронавирус еиҭарго еиҭарымго шьақәнаргылеит

Акабинет аполиклиника ахыбраҿы иҟоуп, аха аҩналарҭа хазуп. Ахәыҷқәа рыдкылара мҩаԥыргоит аҳақьыми амедиаҳәшьеи. Ҩымш рыҩнуҵҟала акоронавирустә инфекциа аҟазшьақәа рыманы аполиклиникахь инеит 19-ҩык. Урҭ рҟынтәи ҩыџьа рдиагноз шьақәырӷәӷәан", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Уаанӡа Аҟәатәи ахәыҷтәы поликлиника аҳақьым хада Ада Абыхәԥҳа арадио Sputnik аинтервиу аҭо илҳәеит цәыббра 4 инаркны жьҭаара 20 рҟынӡа 725 хәыҷы шрыдыркылахьоу, урҭ рҟынтәи 82-а ахәыҷқәа акоронавирустә инфекциа шырзышьақәырӷәӷәаз. Убри инадҳәаланы иӡбан аполиклиникаҿы акабинет ҷыда аартызарц.

Иара убасгьы иазгәаҭоуп иаҭахханы иҟалозар аполиклиникаҿ ишыҟоу ПЦР-тестқәа 20.

Акабинет аус аулоит асааҭ 9:00 - 15:00 рзы ашәахьа инаркны ахәашанӡа.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>