Аԥсныҟа амаининг хархәага алагалара еиԥырҟьоуп

Жьҭаара 21 раахыс Аԥсны Аҳәынҭқарраҿ азин ыҟам амаинингтә хархәагақәа ареспубликахь ралагалара.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 11 - Sputnik. Аҳазалхратә ҭыԥ "Ԥсоу" аусзуҩцәа х-машьынак аидараҭыԥқәа рҟны игәарҭеит ареспубликахь залагалара ҟамло амаинингтә хархәагақәа 16 цыра. Абри атәы аҳәоит Аҳазалхратә еилакы асаит.

Административтә еилагара аганахь ала адокументқәа нашьҭуп Аԥсны Аҳазалхратә еилакы аҳазалхратә ҭҵаареи агәаҭареи рыҟәшахьы.

Жьҭаара 30 рзы аусбарҭа апресс-маҵзура иаанацҳахьан Аԥсныҟа закәаншьаҭада акриптовалиута аиуразы ахархәагақәа алагалоуп ҳәа. Бзыԥҭа аҳаблаҿы иаарԥшын 100 акк ахархәагақәа рыҟазаара.

Жьҭаара 21 раахыс Аԥсны Аҳәынҭқарраҿ азин ыҟам амаинингтә хархәагақәа ареспубликахь ралагалара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: