Аекономика аминистрра ашәҟәынҵахьы 65 криптовалиутатә ферма ҭанагалеит

© Sputnik / Евгений Одиноков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМайнинг криптовалют
Майнинг криптовалют - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аминистрцәа реилазаара ақәҵарала 2020 шықәса абҵара 7 иахымгакәа акриптовалиута аиуразы афымцашьақәгылақәа рышәҟәынҵа арбагақәа ралагалара хықәкны иҟаҵаны Аԥсны аекономика аминистррахь инагатәуп.

АҞӘА, абҵара 10 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны аекономика аминистрра ашәҟәынҵахьы 65 криптовалиутатә ферма ҭанагалеит абҵара 10 рзынӡа ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аекономика аминистр лхаҭыԥуаҩ Ҭеимураз Амқәаб.

Аԥсны аекономика аминистррахь азыҳәақәа нарышьҭит аиурист хаҿқәа реиԥш ахала наплакыҩцәагьы.

"Ҳәарада макьана зегьы ашәҟәынҵа рыҽҭарымгалац, аха ҳара азыҳәа ҟазымҵаз афермақәа раарԥшразы аусурақәа ҳарҿуп", - иҳәеит иара.

Акриптавалиута аиуразы аферма зхатәу ашәҟәы аҽҭагалара иҽацәхьеикуазар, административтә зинеилагарақәа рзы Азакәанеидкыла инақәыршәаны хаԥышәала афымцацәаҳәақәа иҽахьрымеидо азы ахараԥса иқәҵахоит 90 мшы рыҩныҵҟагьы аусура аанкылахоит ҳәа иҳәеит аминистр лхаҭыԥуаҩ.

"Абри ашьҭахь анаплакҩы еиҭах ашәҟәы иҽҭеимгалар, асанкциақәа аҽазныкгьы идҵахоит", - азгәеиҭеит Амқәаб.

Майнинг криптовалют - Sputnik Аҧсны
Аминистрцәа Реилазаара амаининг аҭышәныртәаларазы ақәҵара аднакылеит

Аекономика аминистрраҿы иазгәарҭеит акриптовалиута аиуразы афермақәа зхатәу ашәҟәы рҽанҵаны закәаншьаҭала русура мҩаԥыргалар ҟалоит ҳәа.

Аԥсны аминистрцәа реилазаара 2020 шықәса цәыббра 21 рзы акриптавалиута аиуразы аусура аҭышәныртәалараз ақәҵара аднакылеит. Ари ақәҵарала иаԥыххеит амаинингтә усура азинҟамҵара. Иара убасгьы ишьақәырӷәӷәан афымцалашаразы атариф ҷыда амаинерцәа рзы.

Аминистрцәа Реилазаара аӡбрала, акриптовалиута аиуразы аусурақәа мҩаԥызго ахаҿқәа Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵара ишышьақәнаргыло еиԥш иҭаҩзароуп иуристтә хаҿык иаҳасаб ала ма хатәхаҿык иаҳасаб ала, ашәахтә усбарҭақәеи Аԥсны аҳәынҭқарратә статистикатә усбарҭақәеи Аԥсны абиуџьетнҭыҵтә фондқәа рҿи ашәҟәы иҭагалазароуп.

Аекономика аминистрра аусзуҩцәа аконсультациақәа мҩаԥыргоит аҳәынҭқарратә ҭаҩра азҵаарақәа рзы ишәахтә органқәа рҿы аҳасаббара ақәгыларази.

Заур Шалашава - Sputnik Аҧсны
Арадио
Хра злоу ахҭысқәа: Шьалашьаа амаининг иазкны

Аконсультациақәа риура алшоит ауаҩы изы иманшәалоу иарбанызаалак аформала: аҭел – +7(940)754-33-33; ма аелектронтә ԥошьҭа - hotline@mineconom-ra.org.рыла.

2018 шықәса анҵәамҭазы Аԥсны аиҳабыра аӡбра рыдыркылеит ареспублика иахьаҵанакуа амаининг аусура азин ҟаҵамзарц. Асеиԥш аӡбра аминистрцәа реилазаараҿы ирыдыркылеит "аенергетикатә система аресурсқәа аԥкыра анрымоу аамҭазы Аԥсны ауааԥсыреи, асоциалтәи ааглыхратәи аобиектқәеи фымцалашарала реиқәыршәара еиҳа аԥыжәара аҭаны иахьазыԥхьаӡаз" азы.

2020 шықәса раԥхьатәи афымз мацара рыла Аԥсныҟа иааган 42 миллион мааҭ рыхә амыругақәа. 2019 шықәсазы 12 миллион мааҭ рыхә амаининг мыруга ааган.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Амаининг азы ахархәагақәа рконтрабанда аанкылоуп Аԥсны

Ажәабжьқәа зегьы
0