Апарламент Аинформациа-координациатә центр аиҿкаашьа аԥҟара рыԥсахит

Аԥсахрақәа иалдыршоит урыстәылатәи аган Аинформациа-координациатә центр ахьыҟало аобиектқәа рремонт, реиҭашьақәыргылара, рыргылара рзы аныхрақәа аԥара рзоужьра азинтә шьаҭа аҭара.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 12 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны Апарламент аҿы рыбжьы рҭиит Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара "2017 шықәса лаҵара 18 рзтәи аҩнуҵҟатәи аусқәа Еицырзеиԥшу аинформациа-координациатә центр аиҿкаашьеи аусушьеи рыԥҟаразы" аиқәшаҳаҭра аԥсахрақәа ралагаларазы.

Апроект рыдигалеит Аԥсны ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба.

Апарламент АКЦ (ИКЦ) аԥҵаразы аиқәшаҳаҭра аратификациа азнауит

Аԥсахрақәа ирыҵаркит аиқәшаҳаҭра ахәҭаҷқәак. Аиҭакрақәа инарымаданы ицәырҵуеит урыстәылатәи аган аинформациа-координациатә центр ахьыҟало аобиектқәа рремонт, реиҭашьақәыргылара, рыргылара рзы аныхрақәа аԥара рзоужьра азинтә шьаҭа аҭара.

Апроект инақәыршәаны, ацентр аусура аанкылахар, аԥсуа ган хыдҵаны иагоит аинформациа-координациатә центр ахьыҟало аобиектқәа рремонт, реиҭашьақәыргылара, рыргылара рзы иҟаз аныхрақәа акомпенсациа рзура. Арҭ аԥҟарақәа нагӡамхар, аурыс ган иаиуеит алшара ареспублика асоциал-економикатә ҿиаразы афинанстә цхыраара иагнархарц.

Нанба иҳәеит аиқәшаҳаҭраҿы ишану аусбарҭа аусура аанкылахар, иара ахьыҟоу аобиект аԥсуа ган ахь ииасуеит ҳәа.

"Азинтә шьаҭақәа ахьыҟам азы урыстәылатәи аган акыр шықәса ҵуеит аинформациа-координациатә центр ахьыҟало аобиектқәа рремонт, реиҭашьақәыргылара, рыргылара аԥарарзоужьра рзымҩаԥымгоижьҭеи", - ҳәа иҳәеит Џьансыхә Нанба.

Апарламент аиҳабы Валери Кәарҷиа иҳәеит азакәан аҵак ду шамоу. Апарламент адепутатцәа еицҿакны рыбжьы рҭиит ари апроект азы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: