Шәача анапы аҵаҩуп аиқәшаҳаҭра ҿыц

© Фото : МВД Республики КазахстанИаку Аинформациа-координациатә Центр аԥҵаразы Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит
Иаку Аинформациа-координациатә Центр аԥҵаразы Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аинформациа-координациатә центр ахықәкы хада Аԥсныи Урыстәылеи рзинхьчаратә органқәа рыбжьара аоперативтә информациа аимдара аиҿкаароуп.

АҞӘА, лаҵарамза 18 — Sputnik, Бадри Есиава. Аԥшьаша, лаҵарамза 18 рзы Шәача ақалақь аҟны Иаку Аинформациа-координациатә Центр аԥҵаразы Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Аслан Кобахьиеи Урыстәылатәи Афедерациа Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Игорь Зубови. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.

Адырраҟны иарбоуп Ацентр, еиҿкаарыла имҩаԥырго ацәгьоурақәеи егьырҭ ацәгьоурақәеи раԥырҟәҟәааразы Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи русурақәа акоординациа рзура иазырхоуп ҳәа.

"Ацентр аилазаареи аштаттә аки шьақәырӷәӷәахоит Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҿи Урыстәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҿи аштаттә ак аҳәаақәа ирҭагӡаны. Ацентр аштат 20 ак артәоит", ҳәа аҳәоит апресс-маҵзура адырраҭараҿы.

Ацентр адиректори иара ихаҭыԥуаҩи хы-шықәса ҿҳәарас ирыҭаны Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистри Урыстәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистри рыӡбрала рнапынҵақәа рынагӡара мҩаԥыргоит. Ацентр анапхгаҩцәа рҩыџьагьы аамҭак ала ҳәынҭқаррак иатәылауааны рыҟалара ауам, аротациа апринцип ала еиҭнырыԥсахлоит.

Ацентр имҩаԥнаго аусқәа рзырхоуп Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рзинхьчаратә органқәа рыбжьара аоперативтә информациа аимдара аиҿкаареи ихымԥадатәины иҟоу аоперативтәи акриминалисттәи ҭаҩрақәеи рымҩаԥгара.

2014 шықәса абҵарамзазы анапы зҵаҩыз Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара аиҩызареи астратегиатә еилахәыреи рзы Аиқәшаҳаҭра иазыԥхьагәанаҭоит еиҿкаарыла имҩаԥысуа ацәгьоурақәеи егьырҭ ацәгьоура бааԥсқәеи раԥырҟәҟәааразы аҩныҵҟатәи аусқәа рорганқәа русура акоординациа азуразы Иаку акоординациатә Центр аԥҵара.

Ажәабжьқәа зегьы
0