Аԥсни Урыстәылеи рхадацәа Шәача реиԥылара хыркәшоуп

Аԥшьаша абҵара 12 рзы имҩаԥысуаз ҩ-ганктәи аусеицура азҵаарақәа ирызкыз Аԥсни Урыстәылеи рхадацәа реиԥылара х-сааҭк инарзынаԥшуа ицон.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 12 - Sputnik. Аслан Бжьаниеи Владимир Путини реиԥылара хыркәшоуп ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ахада исаит.

Аԥсни Урыстәылеи рхадацәа реиԥылара х-сааҭк инарзынаԥшуа ицон.

"Урыстәыла ахада Владимир Путини сареи иахьатәи ҳаиԥылара ҳәарада ҳтәылазы, ҳастратегиатә партниори ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа рзы хәарҭара алоуп. Ҳара инарҭбааны ҳрылацәажәеит ҩ-ганктәи аусеицура азҵаарақәа реиԥш, аҩганк рҭахрақәа ирықәшәо еиуеиԥшымыз егьырҭ азҵаарақәагьы", - иҳәеит Аслан Бжьаниа аиԥылара ашьҭахь.

Аслан Бжьаниеи Владимир Путини реиԥылара мҩаԥысит иахьа, абҵара 14 рзы, Шәача.

Аслан Бжьаниа Аԥсны ахадак иҳасаб ала раԥхьаӡа акәны Урыстәыла даҭааит 2020 шықәса лаҵара 5 рзы.

Аҩынтә раан 2020 шықәса рашәара 24 рзы Аслан Бжьаниа далахәын 1941–1945 шықәсқәа раантәи Аибашьра ду Аиааира 75-шықәса ахыҵра иазкыз ауснагӡатә. Аамҭақәак рышьҭахь Аслан Бжьаниа усутә ныҟәарала Москва дыҟан ԥхынгәы, цәыббра, жьҭаара амзақәа рзы.

Бжьаниа Путин Аԥсныҟа дааиԥхьеит

2008 шықәса, нанҳәа 26 рзы Урыстәыла ахада аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра шазхеиҵо азы. 2008 шықәса цәыббра 9 рзы ишьақәыргылан адипломатиатә еизыҟазаашьақәа.

Аԥсны ахьыԥшымра аназханаҵа, Урыстәыла хәдықәҵара ҟанаҵеит ихьыԥшым ҳәынҭқаррак аҳасаб ала Аԥсны аҟазаара, аԥсуа жәлар рҭынч ԥсҭазаара ишадгылаҩу азы. Аиҳабырабжьаратә еизыҟазаашьақәа аҿиаара рымоуп аиҩазареи астратегиатә партниорреи рышьаҭала.

Аиқәшаҳаҭра-зинтә база иаҵанакуеит шәкы инареиҳаны ҩ-ганктәи аиқәшаҳаҭрақәа, убрахь иалоуп 2008 шықәса цәыббра 17 рзы напы зҵаҩыз Аиҩызареи, аусеицуреи, аицхыраареи рзы аиқәшаҳаҭреи 2014 шықәса абҵара 24 рзы напы зҵаҩыз Аиҩызареи астратегиатә партниорреи рзы аиқәшаҳаҭреи.

Иара убас шәахәаԥшыр ҟалоит:

  • Аԥсны аҩыза хада: Путини Бжьаниеи реиԥылара шымҩаԥысыз