Бжьаниа Путин Аԥсныҟа дааиԥхьеит

© Foto / Пресс-служба Президента РАВ Сочи прошли переговоры президентов Абхазии и России Аслана Бжания и Владимира Путина
В Сочи прошли переговоры президентов Абхазии и России Аслана Бжания и Владимира Путина - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсни Урыстәылеи рхадацәа Аслан Бжьаниеи Владимир Путини Шәача аԥшьаша, абҵара 12 рзы реиԥылара мҩаԥысит.

АҞӘА, абҵара 12 - Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи рхадацәа Аслан Бжаниеи Владимир Путини Шәача реиԥылара мҩаԥысуеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ахада исаит.

Президент РФ В. Путин провел совещание с членами правительства РФ - Sputnik Аҧсны
Путини Бжьаниеи Шәача абҵара 12 рзы еиԥылараны иҟоуп

"Сымҩашьозар, шәареи сареи аҵыхәтәаны ҳаибабон Аиааира Апарад аҽны, Москва. Уажәы иҳамоуп аҭагылазаашьа ҭынч, ҳмыццакыкәа ҳҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа ҳрылацәажәарц", - иҳәеит Путин Аԥсны ахада аԥсшәа иаҳәо.

Урыстәыла ахада иҳәеит пандемиа аамҭа хьанҭа иахьмырԥшкәа Урыстәыла Аԥсназы партниор хаданы иҟоуп ҳәа: Аԥсны аекономикатә еикәыршара 70 процент Урыстәыла иацымҩаԥнагоит.

"Ҳусеицураҿы аҵак ду змоу ахырхарҭақәа ыҟоуп. Атуризм атәы мацара адагьы арахь иаҵанакуеит ақыҭанхамҩа, ателекоммуникациақәа. Арҭ зегьы иахьатәи аицәажәара иамаҭәарзароуп", - иҳәеит Путин.

Иара иҳәеит дшақәгәыӷуа урыстәылатәи амедикцәа Аԥсны имҩаԥырго аусура цхыраара дуны иҟоуп ҳәа.

Аслан Бжьаниа Аԥсны иқәынхо ажәлар рыхьӡала ҭабуп ҳәа ахиҳәааит аурыс жәлар, ҷыдала Владимир Путин акыршықәса раахыс ареспублика иазыҟарҵо ацхыраареи адгылареи рзы.

"Ишдыру аиԥш, аҩыза дышҩыза иашоу ахьудыруа агәаҟраан ауп. Аҵыхәтәантәи аамҭазы, апандемиа аҭагылазаашьа уадаҩ аан даҽазныкгьы еилыкка иаабеит иҳашәҭо ацхыраара", - иҳәеит иара.

Госпиталь COVID-19 в ЦИТО им. Н. Н. Приорова - Sputnik Аҧсны
Аҟәатәи амобилтә госпиталь аҿы акоронавирус змоу 100-ҩык рхәышәтәхьеит

Бжьаниа иара убасгьы Урыстәыла атәылахьчара аминистрра анапхгара ҭабуп ҳәа реиҳәеит амобилтә госпиталь аусуразы, вахта ҳасабла Гәдоуҭатәи агоспиталь аҿы иҷаԥшьо амедусзуҩцәа русуразы.

Бжьаниа Путин агәра ииргеит напы зҵаҩу аусеицуразы аиқәшаҳаҭра дуи егьырҭ аусбарҭабжьаратә еиқәшаҳаҭрақәеи Аԥсны анапхгара хымԥада ишынарыгӡо азы, "избанзар, дара зегьы Аԥсны Аҳәынҭқарра аинтересқәа ирықәшәоит, Аԥсны аҳәынҭқарреи асуверенитети дырӷәӷәоит".

авидеонҵамҭа - Аԥсны аҩыза хада: Путини Бжьаниеи реиԥылара шымҩаԥысыз>>

Аслан Бжьаниа инаҵшьны иазгәеиҭеит Владимир Путин Аԥсны еснагь сас дахьк иаҳасабала ишизыԥшу, ареспубликахь ааԥхьарагьы ииҭеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0