Аслан Бжьаниа Москваҟа усутә ныҟәарала дцеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахадас дҟалеижьҭеи ари ԥшьынтәуп Москваҟа усутә ныҟәарала дцоижьҭеи.

АҞӘА, цәыббра 7 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа усутә ныҟәарала Москваҟа дцеит, абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.

Бжьаниа Урыстәылатәи Афдереациа ахада иусбарҭаҟни аиҳабыраҟны аусутә еиԥыларақәа мҩаԥигараны дыҟоуп.

Аслан Бжания встретился с первым замминистра экономразвития России - Sputnik Аҧсны
Аимпульс ҿыц: Аслан Бжьаниа дидикылеит Михаил Бабич

Иҵегьы инарҭбаау аинформациа ахада ипресс-маҵзура иҟанамҵаӡеит.

Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахадас дҟалеижьҭеи ари ԥшьынтәуп Москваҟа усутә ныҟәарала дцоижьҭеи.

Раԥхьаӡа акәны Аԥсны ахада иаҳасабала иара Москваҟа дцеит ҳазҭоу ашықәс лаҵарамзазы. Усҟан иара ицын аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делбеи аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озганԥҳаи.

Аҩынтә раан рашәара 24 рзы Аслан Бжьаниа Урыстәыла ахада Владимир Путин иааԥхьарала ихы алаирхәит Москва имҩаԥысуаз Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан игаз Аиааира 75 шықәса ахыҵра иазкыз Апарад, уи акоронавирус иахҟьаны лаҵара 9 аҟынтәи ари арыцхә ахь ииаган.

Ԥхынҷкәын 30 рзы Бжьаниа ҩаԥхьа Урыстәыла аҳҭнықалақь ахь дцеит усутә ныҟәарала, усҟан имҩаԥгаз аиҿцәажәарақәа ирылҵшәаны аҩтәылак рыбжьара аҳәаа аартразы аӡбамҭа рыдыркылеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0