Аԥсны Аконституциа 26 шықәса ахыҵит

Абҵарамза 26, 1994 шықәса рзы Иреиҳаӡоу Асовет асессиаҿы ирыдкылан Аԥсны Аҳәынҭқараа Аконституциа. Жьҭаара 3, 1999 шықәса рзы Аԥсны Жәлар рыбжьыҭирала уи шьақәырӷәӷәан.
Sputnik

 Sputnik  

Абҵара 26, 1994 шықәсазы Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет аилатәара иаднакылеит ихадоу азакәан - Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа.

Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар Аконституциа амш рыдиныҳәалеит

Аконституциа анрыдыркылоз аамҭа акыр ихьанҭан. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анеилга адырҩашықәса акәын. Зхы иақәиҭу ихьыԥшыму Аҳәынҭқарра ҿыц адокумент ҿыц аҭахын, Аԥсны аҿиара ашьаҭа зырӷәӷәоз, аизҳазыӷьаразы аҭагылазаашьа азҭоз.

Адунеи атәылақәа аԥсуа-ақырҭуатә еибашьраҿы ақәылаҩ идгылеит. Урыстәыла аганахь ала усҟантәи аамҭазы азхаҵара азҵаара ықәгыламызт.

1994 шықәсазы Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахада актәи ихаҭыҧуаҩс аус зуаз Станислав Лакоба иҳәеит усҟантәи аамҭа акыр ишыцәгьаз. Аҭагылазаашьа аруадаҩуан Чечентәыла ицоз ахҭысқәа.

"Усҟан, Ельцин иаамҭазы, ҳара даҽакала иҳахәаԥшуан. Ауадаҩрақәа даара ирацәан. Кавказ имҩаԥысуаз ахҭысқәа ирымаданы, Шеварнаӡе, Аԥсны Урыстәыла иаҿагыло мчык аҳасабала иааирԥшыр иҭахын. Абас иҟаз аҭагылазаашьазы ауп Аконституциа шҳадаҳкылаз. Абҵара 26 аҽны аизара мҩаԥаагеит, зҵаара хадасгьы иқәгылан Аконституциа адкылара, насгьы апрезиденттә напхгара аформахь аиасра", - иҳәеит Лакоба.

Мшаԥымза 1994 шықәсазы Москва, Аԥсныи Қырҭтәылеи рнапы аҵарыҩҩит азҵаарақәа зегьы аполитикатә хархәагақәа рыла аӡбаразы аиқәшаҳаҭра.

"Адунеи ауаажәларра аконфликт аӡбаразы ирымаз алшарақәа рхы иадырхәеит, аха ирылымшеит аҭагылазаашьа аиӷьтәра. Ажәытә конституциала адунеи ауаажәларри ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа рыргылара ауамызт, ҳхатәы Конституциа ҳадаҳкылар акәын", - иҳәеит 1994 шықәсазы Жәлар Реизара адепутатс иҟаз Олег Дамениа.

Габниа Аԥсны Аконституциа азы: аԥсахрақәа аларымгалаларц залшом

Станислав Лакоба иажәақәа рыла, Аконституциа адкылара зегь ақәшаҳаҭымхеит, аӡәык-ҩыџьак абжьыҭираҿ рҽааныркылеит.

"Аха уи адкылараҿы иҟаз ауадаҩрақәа Владислав Арӡынба риааира илшеит. Убас, Аԥсны Аҳәынҭқарразы аҭоурыхтә ҵак ду змоу Аконституциа ҳадаҳкылеит", - азгәеиҭеит Лакоба.

Ари ашьаҿа иахҟьаны Урыстәыла хара имгакәа Аԥсны аекономикатә блокада азнауеит.

Станислав Лакоба игәаанагарала, Аконситуциа иабзоураны Аԥсны Аҳәынҭқарра аиқәырхареи аҿиареи алыршахеит.

Аԥсны Аконституциа рыдыркылеит Иреиҳаӡоу Ахеилак аилатәараан абҵара 26, 1994 шықәсазы. Жьҭаара 3, 1999 шықәсазы иара жәларызегьтәи абжьыҭирала иазыразхеит.

1999 шықәсазы иаԥыхын аӡбаҩцәа рымԥсахра апринцип, уи аахижьҭеи аӡбаҩцәа алырхуа иалауеит ҿҳәарас хәышықәса рыҭаны.

2014 шықәсазы иаԥҵан Аԥсны Аконституциатә ӡбарҭа, иара убас ишьақәырӷәӷәан ауаҩи атәылауаҩи изинқәеи ихақәиҭрақәеи аԥызхуа ма иԥызкуа, Аԥсны ахьыԥшымреи ма аҵакыратә акзаареи ирԥырхагоу, ажәлар рымчра, амчрақәа реихшара апринцип иаҿагылоу, адгьыли ма егьырҭ аԥсабаратә хыҵхырҭақәеи рзы ахатәтәра аҳәынҭқарратә форма зыԥсахуа, иара убасгьы аҳәынҭқарратә бызшәа астатус еиҭазкуа  аиҭакрақәа ралагалара шыҟамло азы ақәҵара шьақәырӷәӷәоуп.

Аԥсны иаԥҵоуп Аконституциатә реформазы Акомиссиа

Жәабранмза 2016 шықәсазы амчра аиуит Аԥсны Аконституциа аиҭакрақәа алазгало Ахшараиура аԥыргара иақәиҭмызтәуа "Ан лгәабзиареи имиц ахәыҷи рыԥсҭазаарақәа рҳәынҭқарратә хьчаразы" азакәан апроект. Уи ԥхынҷкәын 18, 2015 шықәсазы Аԥсны Апарламент адепутатцәа аҵыхәтәантәи аԥхьарала ирыдыркылеит.

Аҳәынҭқарратә мчреи анапхгараҭареи рсистема ареформа азура ирзырхоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциахь аиҭакрақәа аус рыдулара хықәкыс иҟаҵаны Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа инапы аҵаиҩит Аконституциа ареформазы Акомиссиа аԥҵаразы аусԥҟа.

Акомиссиа анапхгаҩыс дҟалоит Наҭелла Акаԥҳа - Аԥсны Аҳәса рассоциациа анапхгара ахантәаҩы.

Акомиссиа аилазаара иалалеит: Асҭамыр Аппба, Саида Быҭәԥҳа, Витали Габниа, Гиви Габниа, Саид Гьезердаа, Кама Џьынџьал, Арда Иналиԥа, Ҭамаз Қьецба, Олег Папасқьыр, Диана Ԥлиаԥҳа, Сергеи Смыр, Баҭал Табаӷәуа, Алхас Тхагушев, Асҭамыр Ҭаниа.