Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар Аконституциа амш рыдиныҳәалеит

© Sputnik Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПресс-конференция избранного президента Абхазии А. Бжании
Пресс-конференция избранного президента Абхазии А. Бжании - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абҵарамза 26, 1994 шықәса рзы Иреиҳаӡоу Асовет асессиаҿы ирыдкылан Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа. Жьҭаара 3, 1999 шықәса рзы Аԥсны жәлар рыбжьыҭирала уи шьақәырӷәӷәан.

АҞӘА, абҵара 26 — Sputnik. Абҵарамза 26, 1994 шықәса рзы Иреиҳаӡоу Асовет иаднакылаз Азакуан хада ишьақәнарӷәӷәеит ҳажәлар ззықәԥоз, зықьҩыла Аԥсадгьыл аҵеицәа рхы зқәырҵаз Аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылара, абас аҳәоит Аслан Бжьаниа иҟаиҵаз адныҳәалараҿы. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада иофициалтә саит.

Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит, Аԥсны ихьыԥшыму, адемократиатә ҿиара змоу ҳәынҭқарроуп, атәылауаҩ ихақәиҭреи изинқәа рыхьчареи аԥыжәара рымоуп ҳәа.

"Аконституиа ақәныҟәара, уи ишьақәнаргыло аԥҟарақәа аҳәынҭқарра аԥсҭазаараҿы аԥхьагылара рыҭара ҳуалуп Аԥсны жәлар зегьы. Аԥсҭазаара ԥхьаҟа ицоит, аҭагылазаашьа аҽаԥсахуеит, аамҭа ҳҿаԥхьа иқәнаргылоит адҵа ҿыцқәа. Убри ауп хықәкы хадас иамоу Аконституциа аԥсахрақәа ралагаларазы иаҧҵоу аҳәынҭқарратә комиссиа. Ихадоу ари аус аҟны аццакра ҟамлароуп. Агәра ганы сыҟоуп ҳаиқәшаҳаҭны иҳадаҳкыло аиҭакрақәа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра арӷәӷәара, ԥхьаҟа ацара ишрызкхо", - иҳәеит Атәыла ахада.

Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар ирзеиӷьеишьеит аҭынчра, аизыразра, аизҳара.

Аԥсны Аконституциа рыдыркылеит Иреиҳаӡоу Ахеилак аилатәараан абҵара 26, 1994 шықәсазы. Жьҭаара 3, 1999 шықәсазы иара жәларызегьтәи абжьыҭирала иазыразхеит.

1999 шықәсазы иаԥыхын аӡбаҩцәа рымԥсахра апринцип, уи аахижьҭеи аӡбаҩцәа алырхуа иалауеит ҿҳәарас хәышықәса рыҭаны.

2014 шықәсазы иаԥҵан Аԥсны Аконституциатә ӡбарҭа, иара убас ишьақәырӷәӷәан ауаҩи атәылауаҩи изинқәеи ихақәиҭрақәеи аԥызхуа ма иԥызкуа, Аԥсны ахьыԥшымреи ма аҵакыратә акзаареи ирԥырхагоу, ажәлар рымчра, амчрақәа реихшара апринцип иаҿагылоу, адгьыли ма егьырҭ аԥсабаратә хыҵхырҭақәеи рзы ахатәтәра аҳәынҭқарратә форма зыԥсахуа, иара убасгьы аҳәынҭқарратә бызшәа астатус еиҭазкуа  аиҭакрақәа ралагалара шыҟамло азы ақәҵара шьақәырӷәӷәоуп.

Жәабранмза 2016 шықәсазы амчра аиуит Аԥсны Аконституциа аиҭакрақәа алазгало Ахшараиура аԥыргара иақәиҭмызтәуа "Ан лгәабзиареи имиц ахәыҷи рыԥсҭазаарақәа рҳәынҭқарратә хьчаразы" азакәан апроект. Уи ԥхынҷкәын 18, 2015 шықәсазы Аԥсны Апарламент адепутатцәа аҵыхәтәантәи аԥхьарала ирыдыркылеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0