Аиха знапаҿы иаазгаз: ажьи Зураб Ҳагба иҭоурых

Еиуеиԥшым аихалыхқәа ҟазҵо Гәдоуҭа ақалақь аҟны инхо ажьи Зураб Ҳагба иҟазырҭа иаҭааит Sputnik акорреспондентцәа.
Sputnik

Дарбанзаалак ауаҩы дины адәы данықәла нахыс илоуп аҟыбаҩ ҷыда. Иҟалалоит убас, иара уи анизгәамҭогьы. Аха зегьы акоуп аԥсҭазаара знымзыр-зны изаанартуеит уи амаӡа.

Афотоҭыхымҭақәа шәрыхәаԥшыр ҟалоит абра>> Знапы ахьы аԥссоу гәдоуҭатәи аҟазацәа рнапкымҭақәа

Наала Гәымԥҳа, Sputnik

Заанаҭла имашьынарныҟәцаҩу, аха аҟыбаҩ ҷыда злоу Гәдоуҭа ақалақь аҟны инхо Ҳагба Зураб инапкымҭакәа даара иааџьоушьартә иҟоуп. Аиха аус адиулоит. Еиуеиԥшым аихалыхқәа ҟаиҵоит: агәашәқәа, ашьаҟақәа, амардуанқәа, аихатәы ҟәардәқәа уҳәа ауаҩы игәы ззыҳәо зегьы. Иҿазҵарц зҭаху ирыдигалоит хкы рацәала аихалыхқәа зну асахьақәа, нас уи дахәаԥшны ргәаҳәара наигӡоит.

Аиха знапаҿы иаазгаз: ажьи Зураб Ҳагба иҭоурых

Иҟазарҭа ашә аартуижьҭеи иҵуеит фышықәса. Уи аамҭа иалагӡаны ирацәоуп идҵаало, иҿазҵо. Араҟа улаԥш нақәшәоит еиуеиԥшым аус здиуло амыругақәа, зегьы инарыгӡоит рхатәы роль. Акы аиха ариашоит, акы еикәанарҵәиуеит, акы иарҟьаԥсуеит. Иусура атәы дазааҭгыло, аҟаза иазгәеиҭоит:

"Снапы злаку аус гәыкала сазнеиуеит, ԥсыршьагас исыԥхьаӡоит. Фышықәса раԥхьа иаасыртит аҟазарҭа. Усҟан аус еицаҳуан милаҭла иоурысызи сареи. Аха еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны иусура аанижьит", - иҳәоит Зураб.

Шәусураҟны ишәԥылахьоума еиҳа ицәгьоу, сымч ақәхарушь ҳәа ззышәҳәо аҿаҵамҭа ҳәа ҳаниазҵаа,ус иҳәеит.

Аиха знапаҿы иаазгаз: ажьи Зураб Ҳагба иҭоурых

"Сымч зқәымхаҵәҟьо ҳәа макьаназ акгьы сԥымлацт. Ҳәарада, иҟоуп зыҟаҵара еиҳа иуадаҩу аҿаҵамҭақәа, аамҭала маҷк ҳадхаларгьы, зегьы акоуп хара имгацәакәан инаҳагӡоит. Иҟоуп, убас, шамахамзар ауаҩы инхамҩаҟны ихы иаимырхәо аихалыхқәа ҿазҵо. Убас ааигәа иҿарҵеит агәы аформа аҭаны иҟаҵоу аихалых, иаакәыршаны аиха иалху ашәҭқәа рыла ирԥшӡаны ирхиоуп. Аҿар, бзиа еибабо, рыбзиабара асимволс иҟаҵаны, ацаԥхақәа убра ихыршьуеит, Афон ҿыц иҟоу ацҳа ишхыршьуа еиԥш", - иҳәоит Зураб.

Аиха знапаҿы иаазгаз: ажьи Зураб Ҳагба иҭоурых

Иахьазы Зураб дивагыланы ас иуеит Узбекистанынтә иааз аусзуҩ Иакуб Хаитов. Уи иажәақәа рыла, Зураб Ҳагба иҿиҵааз даара ирацәоуп: аиха аус адулашьа, ахышьа, амыругақәа аус рыдулашьа. Иахьазы усзуҩык иаҳасабала диқәгәыӷыртә еиԥш аус иуеит.

Аиха знапаҿы иаазгаз: ажьи Зураб Ҳагба иҭоурых

"Аԥсныҟа сааит хәышықәса раԥхьа. Зны Гагра аус зуан, нас ари аҟазарҭахь сиасит. Араҟа сашьцәа ҩыџьа аус руан, аха урҭ рыԥсадгьыл ахь имцар ада ԥсыхәа анырмоу, сара напы асыркит урҭ зҿыз аус. Аидырҭәалара аҟаҵара ада, уаҳа аиха аус адулашьа ҳәа акагьы сыздыруамызт, аха Зураб зегьы сирҵеит. Исоуа ауалафахәы сҭаацәа ирзысышьҭуеит. Даара исгәаԥхоит аус ицура", - иҳәоит Иакуб.

Аиха знапаҿы иаазгаз: ажьи Зураб Ҳагба иҭоурых

Зураб иԥа Алиасгьы дазҿлымҳауп иаб инапы злаку аус. Занааҭла иара аграфикатә дизаинер аганахьала Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет доушьҭымҭоуп. Инапкымҭоуп еиуеиԥшым аихалыхқәа. Алиас иҩызцәеи иареи аҩны ианааиқәшәо, рыԥсы ахьыршьаша аҭыԥ еиҿкааны имоуп. Зегьы инапала иҟаиҵеит. Аҟәардәқәеи аишәақәеи ирыҵагылоу ршьапқәа еихалыхны, иԥшӡоу аформа аҭаны иҟаҵоуп. Адашьмеи аҭыӡқәеи иалԥшаау ахаҳә ԥшӡақәа рыла еиқәуп. Уи Алиас ҷыдала ақыҭа Дәрыԥшьынтәи иааигеит.

Аиха знапаҿы иаазгаз: ажьи Зураб Ҳагба иҭоурых

"Раԥхьаӡакәны салагеит аҟәардәқәа рыҟаҵарала, нас хәыҷы-хәыҷла еиҳау амаҭәарқәа аус рыдуларахь сиасит. Аинтернет аҟны исԥылоз асахьақәа сырҿыԥшны иҟасҵақәаз амаҭәарқәагьы ыҟоуп", - иҳәоит аҟаза қәыԥш Алиас.

Аиха знапаҿы иаазгаз: ажьи Зураб Ҳагба иҭоурых

Ҳагаа рҭаацәа рнапкымҭақәеи урҭ ирыцу аусуратә гәахәареи идырҵабыргуеит шаҟа иманшәаланы, ҭахҧхықәрала, рус бзиа ибаны ишазнеиуа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: