Заанаҭла имашьынарныҟәцаҩу, аха аҟыбаҩ ҷыда злоу Гәдоуҭа ақалақь аҟны инхо Ҳагба Зураб инапкымҭакәа даара иааџьоушьартә иҟоуп.
Аиха аус адиулоит. Еиуеиԥшым аихалыхқәа ҟаиҵоит: агәашәқәа, ашьаҟақәа, амардуанқәа, аихатәы ҟәардәқәа уҳәа ауаҩы игәы ззыҳәо зегьы.
Иҿазҵарц зҭаху ирыдигалоит хкы рацәала аихалыхқәа зну асахьақәа, нас уи дахәаԥшны ргәаҳәара наигӡоит.
Аиха знапаҿы иаазгаз: ажьи Зураб Ҳагба иҭоурых - шәаԥхьар ҟалоит.

1/9
© Sputnik / Томас Тхайцук
Фышықәса раԥхьа иааиртит аҟазарҭа Зураб Ҳагба, афотоҟны раԥхьатәи инапкымҭа.

2/9
© Sputnik / Томас Тхайцук
Иахьазы Зураб дивагыланы ас иуеит Узбекистанынтә иааз аусзуҩ Иакуб Хаитов

3/9
© Sputnik / Томас Тхайцук
Еиуеиԥшым аихалыхқәа ҟаиҵоит: агәашәқәа, ашьаҟақәа, амардуанқәа, аихатәы ҟәардәқәа уҳәа ауаҩы игәы ззыҳәо зегьы.

4/9
© Sputnik / Томас Тхайцук
Араҟа улаԥш нақәшәоит еиуеиԥшым аус здиуло амыругақәа, зегьы инарыгӡоит рхатәы роль. Акы аиха ариашоит, акы еикәанарҵәиуеит, акы иарҟьаԥсуеит.

5/9
© Sputnik / Томас Тхайцук
Иҿазҵарц зҭаху ирыдигалоит хкы рацәала аихалыхқәа зну асахьақәа, нас уи дахәаԥшны ргәаҳәара наигӡоит.

6/9
© Sputnik / Томас Тхайцук
Иҟоуп зыҟаҵара еиҳа иуадаҩу аҿаҵамҭақәа, аамҭала маҷк иадхаларгьы, зегьы акоуп хара имгацәакәан инарыгӡоит.

7/9
© Sputnik / Томас Тхайцук
ажьи Зураб Ҳагба иажәақәа рыла аусутә рацәаны имоуп, иҿазҵогьы рхыԥхьаӡара еиҳа еизҳауеит.

8/9
© Sputnik / Томас Тхайцук
Ҳагаа рҭаацәа рнапкымҭақәеи урҭ ирыцу аусуратә гәахәареи идырҵабыргуеит шаҟа иманшәаланы, ҭахҧхықәрала, рус бзиа ибаны ишазнеиуа.

9/9
© Sputnik / Томас Тхайцук
Зураб иԥа Алиасгьы дазҿлымҳауп иаб инапы злаку аус. Инапкымҭоуп еиуеиԥшым аихалыхқәа.