ПВО акинотеатр аҿы амцакра ауаҩытәыҩсатә фактор ҵаҵӷәыс иамоуп

Аус зымуа акинотеатр аҿы амцакра ҟалеит абҵара 28 рзы. Абылраан аӡәгьы ԥырхага имоуит, амцакра амзызқәа ҭырҵаауеит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 1 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. ПВО аҿтәи акинотеатр аҟны амцакра ауаҩытәыҩсатә фактор ҵаҵӷәыс иамоуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҟәа ақалақь абылра-еиқәырхаратә гәыԥ аиҳабы Ҭемур Кәыҵниа.

Асанаториа ПВО иатәу аус зымуа акинотеатр блит Аҟәа

"Ҳара аматериал еизганы Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭахь инаҳашьҭит. Абылра амзыз ауаҩытәыҩсатә фактор ауп. Афымцалашара ахыбрахь инеиуамызт", - иҳәеит иара.

Аус зымуа акинотеатр аҿы амцакра ҟалеит абҵара 28 рзы.

Амцакра ахьыҟалаз ахь инеиит амцарцәаратә гәыԥқәа ԥшьба, аиқәырхаҩцәа. Акинотеатр азал хада амца амҽханакхьан. Амцарцәаҩцәа ус шакәызгьы ирылшеит амца арцәара.

Абылраан аӡәгьы ԥырхага имоуит, амцакра амзызқәа ҭырҵаауеит.