АҞӘА, ԥхынҷкәын 7 - Sputnik. Аладатәи Кавказ иҭышәынтәалоу регионхеит, Урыстәылагьы ишалшо ала уи иацхраауеит ҳәа иҳәеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр инаҵшьны иазгәеиҭеит Урыстәылеи, Ермантәылеи, Азербаиџьани Ашьха Ҟарабах азы рнапы зҵарҩыз аиқәшаҳаҭра аҵак ду, иҳәеит Ашьха Ҟарабах аибашьра шыннакылаз, ахҵәацәеи иқәҵыз ахаҿқәеи рыҩныҟақәа рахь игьежьыртә еиԥш аҭагылазаашьа шыҟанаҵаз, ишеиҿнакааз аекономика аиҭашьақәыргылара, агуманитартә проблемақәа рыӡбара.
"Ҳаиқәшаҳаҭхеит акоммуникациақәа зегьы – анхамҩатәқәа, атранспорттәқәа - аблокада рхыхра. Уи иалнаршоит Алада Кавказ аимак регион ацынхәрас иҭышәынтәалоу регионны аҟаҵара. Абри ахырхарҭала ҳаргьы иҳалшшшо зегь ҟаҳҵалоит", - иҳәеит иара.
Лавров ихәшьарала Ашьха Ҟарабах аимак ашыра иалҵуеит.
Урыстәыла, Азербаиџьан, Ермантәыла рхадацәа Владимир Путин, Ильхам Алиев, Никол Пашиниан абҵара 10 рзы рнапы аҵарҩит Ашьха Ҟарабах аибашьра аанкыларазы еицырҟарҵаз аҳәамҭа. Уи инақәыршәаны Ермантәылеи Азербаиџьани иааныркылаз аҭыԥқәа рҿы иаангылоит, Бақәа анапаҵаҟахь ииасуеит Кельбаџьартәи, Лачатәи, Агдамтәи араионқәа, атҟәацәа еимырдоит.
Ҟарабахи Ермантәылеи еимаздо Лачатәи акоридор аҿы аурыс ҭынчреиҿкааҩцәа гылеит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра Ашьха Ҟарабах аминақәа рҟынтәи ишыдрыцқьо иалацәажәоит
Урыстәыла атәылахьчара аминистрра Степанакерт арратә госпиталь аусура хацнаркит
Ермантәылаҟа 20 ҳаирплан неит урыстәылатәи аҭынчреиҿкааҩцәа рыманы