АҞӘА, абҵара 30 - Sputnik. Урыстәыла атәылахьчара аминистрра Степанакерт арратә госпиталь аусура хацнаркит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Агоспиталь гылоуп Степанакерт аҳаиртә баӷәаза аҵакыраҿы.
"Уажәазы акаркастә модульқәа еибыҭоуп. Раԥхьа иргыланы аҭынчреиҿкааратә контингент рмедицинатә маҵзура еиҿкаахоит. Убри аан аҭынч уааԥсыра рымаҵ аурагьы ҳазыхиоуп. Иҳалшоит 40-ҩык рҟынӡа рыдкылара", - ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит амедицинатә гәыԥ аиҳабы Иарослав Иванов.
Иара иажәақәа рыла агоспиталь еиҿкаауп: ареанимациатә, афункционалтә диагностика, алаборатортә диагностика, аоперациатә ҟәшақәеи, астоматологиатә кабинети аофтальмологиатә кабинети рыла. Иқәыргылоуп ИВЛ, УЗИ, рентген аппаратқәа.
Абҵара 10 рзы Урыстәыла, Ермантәыла, Азербаиџьан рхадацәа Владимир Путин, Никол Пашиниа, Ильхам Алиев рнапы аҵарҩит аиқәшаҳаҭра Ашьха Ҟарабах ахымца аанкыларазы. Уи инақәыршәаны аинырратә цәаҳәеи Лачатәи акоридори рҿы иргылахеит урыстәылатәи аҭынчреиҿкааҩцәа.