Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра Ашьха Ҟарабах аминақәа рҟынтәи ишыдрыцқьо иалацәажәоит

© Sputnik / Максим Блинов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСпециалисты противоминного центра Минобороны РФ приступили к работе в Карабахе
Специалисты противоминного центра Минобороны РФ приступили к работе в Карабахе - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Еиҿагылоу аганқәа реиныршәараз урыстәылатәи Ацентр аҟазауаа афымцалашареи аԥхарреи рыла аиқәыршәара алдыршеит арегион аҿы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 2 - Sputnik. Уахыки-ҽнаки рыҩныҵҟа Степанакерт ашколқәа рҵакырақәа арҭҟәацга маҭәарқәа рҟынтәи ирыцқьоуп. Урыстәылатәи асапиорцәа Ашьха Ҟарабах аминақәа реиҵыхра мҩаԥыргоит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Ииасыз уахыки-ҽнаки рыҩныҵҟа Степанакерттәи ашкол №10 аҵакыра иахьаҵанакуа арҭҟәацга маҭәарқәа рҟынтәи ирыцқьоуп", - аанацҳауеит аусбарҭа.

Хара имгакәа иазыԥхьагәаҭоуп егьырҭ ашколқәагьы шәарҭаданы раартра.

Анџьныртә ҟәшақәа ишырҳәо ала Ҟарабах аминақәа рҟынтәи идрыцқьахьеит 34 гектар, 12 километра амҩақәа, 110 ҩны. Иԥшааны еиҵырххьеит 1077 итҟәацыр зылшоз амаҭәар.

Абҵара 10 рзы Урыстәыла, Ермантәыла, Азербаиџьан рхадацәа Владимир Путин, Никол Пашиниа, Ильхам Алиев  рнапы аҵарҩит аиқәшаҳаҭра Ашьха

Ҟарабах ахымца аанкыларазы. Уи инақәыршәаны атҟәацәеи аԥсцәеи еимдан. Ермантәыла Азербаиџьан иазнархынҳәит Кельбаџьартәи, Лачатәи,  Агдамтәи араионқәа. Аинырратә цәаҳәеи Лачатәи акоридори рҿы иргылахеит урыстәылатәи аҭынчреиҿкааҩцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0