АҞӘА, ԥхынҷкәын 18 – Sputnik, Сариа Кәарахьиаԥҳа. Аԥсны аҽазнархиоит ацифратә теледырраҭарақәа рахь аиасра ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны аимадареи, амассатә коммуникациақәеи, ацифратә ҿиареи рзы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ Мирон Кәарацхьелиа.
Уаанӡа Аԥсны ателехәаԥшратә шьаҟақәа рреконструкциеи рмодернизациеи мҩаԥгахоит. Ареспублика зегьы аҿы 60 станциа ыҟоуп. Иҟоуп ухы иузамырхәогьы. Урҭ аҿыцқәа рыла иԥсаххоит.
"Урыстәыла ацифратә ҿиара аминистрра аҟазауаа Аԥсны аҵакыраҿы иҟоу ателешьаҟақәа рҭагылазаашьа ҭырҵаауеит. Дара реиҳарак асовет аамҭаан иргылаз роуп. Урыстәылатәи аҟазауаа урҭ ртехникатә ҭагылазаашьа анализ азыруеит, ушьҭан аремонт аҟаҵаразы", - ҳәа иҳәеит иара.
Ашьаҟақәеи астанциақәеи рмодернизациа иалнаршоит Аԥсны араионқәа зегьы рҟны ԥкрада асигналқәа рыдкылара.
"Уажәы ателешьаҟақәа рҿы иқәгылоу аналогтә нашьҭыгақәа роуп, аремонт ашьҭахь ацифратәқәа ықәыргылахоит. Арбара ахаҭабзиара еиӷьхоит. Ашьха қыҭақәа рҿы адкылара уадаҩуп. Амодернизациа ашьҭахь зехьынџьара инеибынеиԥшны асигнал неиуа иалагоит", - ҳәа иҳәеит Аԥсны аимадареи, амассатә коммуникациақәеи, ацифратә ҿиареи рзы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ Мирон Кәарацхьелиа.
Ателехәаԥшратә вышкақәа рреконструкциеи рмодернизациеи Аинвестициатә программа иалархәуп.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аԥснытәи аӡбаҩцәа асистема ацифратә модернизациахь аиасра рҽаздырхиоит
Бжьаниеи Егорови Аԥсны ашәахтә усхк аҟны ацифратә технологиақәа рхархәашьа иалацәажәеит