Аԥснытәи аӡбаҩцәа асистема ацифратә модернизациахь аиасра рҽаздырхиоит

© Sputnik / Максим Богодвид / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМолоток судьи
Молоток судьи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Рашәарамзазы Аԥсны Апарламент иавтоматтәу аӡбаратә информациатә система алагалара 2021 шықәса ажьҭаарамзанӡа инахеит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 7- Sputnik. Азеиԥш иурисдикциа иаҵанакуа аӡбарҭатә аппаратқәа рыӡбаҩцәеи русзуҩцәеи ԥхынҷкәын 7-14 рзы аӡбарҭатә информациатә система (АСИС) апрограмматә еиқәыршәара рҵараны иҟоуп ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа асаит.

Аӡбарҭа апресс-маҵзура адыррақәа рыла азеиԥш иурисдикциа иаҵанакуа аӡбарҭақәа уажәазы иазыҟаҵоуп:

  • Азеиԥш иурисдикциа иаҵанакуа аӡбарҭақәа рыбжьара аелектронтә документеикәыршара ахәҭаҿы автоматизациатә система;
  • Аӡбаҩцәа аматериалқәеи адокументқәеи електронла рзеихшара;
  • Аӡбарҭа усзура аматериалқәа рыҭҵаара аҭагылазаашьазы ахатәхаҿқәеи аиурист хаҿқәеи аинформациа рыҭара;
  • Аӡбарҭатә актқәеи егьырҭ апроцессуалтә документқәеи иакны рыҵәахра;
  • Астатистикатә рбагақәа разырхиара;
  • Иалалои иалҵуеи адокументациа аҭаҩреи анеиҭаҵааиҭаҵреи рарбара;
  • Аӡбарҭатә актқәеи анагӡаратә документқәеи рыҭареи иара убасгьы аматериалқәа аелектронтә архив ахь рынашьҭара.

Макьана иалыршам аӡбарҭатә еилатәарақәа раудиои-рвидеои ԥкаанҵамҩаԥгара, иара убасгьы Гәдоуҭатәии Аҟәатәии араионтә ӡбарҭақәа рҿии Аԥсны Арратә ӡбарҭаҿи аӡбарҭатә еилатәарақәа рзы азалқәа ыҟам.

АСИС – ари иаку технологиатә платформоуп, иахықәкы хаданы иҟоу аӡбаҩцәеи аӡбареиҿкаара алахәылацәеи релектронтә еимадара аиҿкаареи аӡбарҭатә система аҩаӡарақәа зегьы рыбжьара аелектронтә еимадара еиҿкаареи роуп.

Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аинфографикаҿ ишарбоу ала АСИС аҳәаақәа ирҭагӡаны иаԥҵахоит:

  • Аҩнуҵҟатә портал. Иара рзырхоуп аӡбаҩцәеи аӡбарҭатә аппаратқәа русзуҩцәеи. Ара еизгахоит еиҳа ихадоу аинформациа: адҵақәа, аҩныҵҟатә документқәа, ателефонтә база.
  • Аелектронтә ус. Аусқәа аелектронтә формахь риагара иалнаршоит ақьаадқәа аус рыдулара аиҵатәра, иармариоит аӡбарҭатә процесс алахәылацәеи аӡбарҭатә система аусзуҩцәеи рџьабаа.
  • Аӡбарҭатә процесс алахәыла ихатә кабинет. Авеб-портал аҿы ахатә кабинет уҭаланы иубар алшоит аилыргаратә ус шцо, инаушьҭыр ауеит азыҳәақәеи ардыррақәеи.
  • Аидеоконференциаимадара. Авидеоконференциаимадара асистема иалнаршоит аӡбарҭатә изолиаторқәа рҟынтәи аӡбарҭатә залқәа рахь аӡбарҭатә процесс алахәылацәа лассы-лассы рынашьҭра. Асистема аусура иалагар дара аилатәарақәа ирылахәхар ауеит СИЗО аҟынтәи ишиашоу.
  • Аудио-авидеофиксациа. Аԥснытәи аӡбарҭақәа рыӡбарҭатә залқәа 18 авидеофиксациатә системала еиқәыршәахоит. Апроцесс аҭаҩра адырра аиура ҟалоит "Ахатәы кабинет" аҿы.

2012 шықәсазы ихацыркыз аӡбарҭатә система ареформаан еиҳа ихадароу акәны аус адулара иалагеит аӡбарҭақәа рҿы аӡбарҭа-аинформациатә система.

Аха иара алагалара акырынтә инахахьан. Рашәарамзазы Аԥсны Апарламент аӡбаратә информациатә система алагалара 2021 шықәса ажьҭаарамзанӡа инахеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0