Арадио

Колпакчиан еиҭалҳәеит Аҟәа араион аҟны алақәа рҭыԥ аиҿкаара аус ахьынӡанагоу атәы

Аҟәа араион аҟны алақәа ахьыԥхьаркуа аҭыԥ аҟаҵара азҵаара ахьынӡанагоу атәы арадио Sputnik аефир арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭалҳәеит аволонтиор Карина Колпакчиан.
Sputnik
Колпакчиан еиҭалҳәеит Аҟәа араион аҟны алақәа рҭыԥ аиҿкаара аус ахьынӡанагоу атәы

"Аргылара иаҿуп, уажәшьҭа хымз ҵуеит, аха адунеи зегь аҟны аҭагылазаашьа зеиԥшроу жәдыруеит (апандемиа азы - аред.). Аԥара ҳамаӡам иахәҭоу, излалшо ала иҳацхраауеит. Иахьазы адгьыл дыриашеит, ашьаҟақәа дыргылеит аҭакырҭақәа рзы. Иҳаргылеит ҩны хәыҷык, аҷаԥшьаҩи, иара убас аԥстәқәа рзы аԥҟарҭа ахьыҟало, агәырқәа ахьрылаҵахо", - лҳәеит Колпакчиан.

Лара иазгәалҭеит аҳҭнықалақь ахадара арҭ аусурақәа рҟны ацхыраара шыҟарҵо. Колпакчиан лажәақәа рыла, хымз ирылагӡаны алақәа 40 астерилизациа рызун.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: