"Хылаԥшрада ақалақь иалоу алақәа рышьра аҵкыс, иазыӡбан аамҭала дара ахьныркылало аҭыԥ аҿы алаҵақәа рзыҟарҵарцаз, имҿиарцаз ауснагӡатәқәа рыдыркыларцаз. Иахьатәи аамҭазы макьана аҭыԥ азалхӡам, Аҟәа ақалақь ахадара уи аԥшаара иаҿуп. Ашьҭахь, ихкааны, аԥстәқәа рҭакырҭа ҟаҵахоит, убра урҭ аамҭала иҟазаауеит. Анаҩс, ааӡара изгарц зҭаху неины иалырхырц рылшоит. Алақәа шәҟәыла еиқәшәазар, аҳәаа анҭыҵгьы иҳашьҭлар ҳалшоит. Ҳәарада, ауаҩ иоуп аԥстәазы аҭакԥхықәра зду, рыцҳашьарада аласбақәа каҳажьуеит, нас урҭ хылаԥшрада ақалақь иалалоит. Абри апроблема ҟамларцаз, дара мҿиалароуп. Ауаҩы зла мҿиартә аҟаҵара зыгәҭаку, аха ус еиԥш алшара змам, афонд дадҵаалар илшоит, уаҟа иара ацхыраара ирҭоит", - ҳәа еиҭалҳәеит Гәылуаԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Чаблахԥҳа иаԥшәымадоу алақәа рызҵаара аӡбашьазы: ус дууп, зегь ҳзы ибзиоуп
-
Аҟәа иԥшәымадоу алақәа рышьра азин ыҟам