Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Колпакчиан алақәа рҭыԥ аиҿкаара аус ахьынӡанагоу атәы
"Аргылара иаҿуп, уажәшьҭа хымз ҵуеит, аха адунеи зегь аҟны аҭагылазаашьа зеиԥшроу жәдыруеит (апандемиа азы - аред.). Аԥара ҳамаӡам иахәҭоу, излалшо ала иҳацхраауеит. Иахьазы адгьыл дыриашеит, ашьаҟақәа дыргылеит аҭакырҭақәа рзы. Иҳаргылеит ҩны хәыҷык, аҷаԥшьаҩи, иара убас аԥстәқәа рзы аԥҟарҭа ахьыҟало, агәырқәа ахьрылаҵахо", - лҳәеит Колпакчиан.
Лара иазгәалҭеит аҳҭнықалақь ахадара арҭ аусурақәа рҟны ацхыраара шыҟарҵо. Колпакчиан лажәақәа рыла, хымз ирылагӡаны алақәа 40 астерилизациа рызун.
Шәазыӡырҩы аудио.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Аҟәа иԥшәымадоу алақәа рышьра азин ыҟам
-
Гәылуаԥҳа хылаԥшрада ақалақь иалоу алақәа рызҵааразы: ихадоу – имҿиартә аҟаҵара