Аҩада Иашҭхәа ақыҭаҿы анхарҭаҩны блит

Амцакра иахҟьаны аҩны ахыб блит. Амцарцәара алыршахеит Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аусзуҩцәа рымчала.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 22-Sputnik. Аҟәа араион Аҩада Иашҭхәа ақыҭан анхарҭаҩны амца акит. Абри атәы аанацҳауеит АҶА апресс-маҵзура.

Амцакра ҟалеит ҳәа амцарцәара-еиқәырхаратә хәҭахьы аҭел иасит асааҭ 13:58 рзы. Амцарцәаҩцәа аҭыԥахь ианнеи аамҭазы амца аҩны зегьы амҽханакхьан. Амцарцәарахь инашьҭын амцарцәаратә гәыԥқәа ҩбеи Аҟәа ақалақьи араиони абылрацәыхьчаратә ҟәша аиқәырхаратә гәыԥки.