"Амшынеиқәафымцамч" акриптофермақәа зегьы аҿыхтәуп ҳәа ақәҵара аднакылеит

Аԥсны аҩныҵҟа амаининг амҩаԥгара азин ҟаҵам 2021 шықәса рашәара 1 аҟынӡа, иара убасгьы азин ыҟам уи азы ахархәагақәа ралагалара.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 25 - Sputnik. АУН "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада аусдҵа ҭижьит ареспублика аҵакыраҿы иҟоу афермақәа зегьы аҿыхзарц.

Адокумент инақәыршәаны аиҿкаара араионтә филиалқәеи "Афымцаҭиреи" дҵаны ирыҭоуп:

  • Акриптовалиута аиуразы аус зуа афермақәа зегьы 2020 шықәса ԥхынҷкәын 29 рҟынӡа иаҿыхзарц;
  • ВЛ 6/10 Вт аҟны ацәаҳәақәа зегьы аҿыхзарц;
  • Аиурист хаҿқәеи ахатәхаҿқәеи уаанӡа ирыҭаз атехникатә шәҟәқәа рыла акриптовалиута амаининг мҩаԥызго рзинқәа рымххоит.

Аусдҵала иара убасгьы аҭакԥхықәра рыдҵахоит "Амшынеиқәафымцамчи" "Афымцаҭиреи" рфилиалқәа рнапхгаҩцәа абонентцәа акриптовалиута аиуразы хаԥышәала ацәаҳәа рыҽрыԥшьразы.

Абри адҵа назмыгӡаз имаҵура дамххоит.

Аԥсны аҩнуҵҟа амаининг амҩаԥгара азин ҟаҵам 2021 шықәса рашәара 1 аҟынӡа, иара убасгьы азин ыҟам уи азы ахархәагақәа ралагалара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: