Аминистрцәа реилазаара аамҭала Аԥсныҟа амаинингтә хархәагақәа ралагалара азин ааннакылоит

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМайнинг-ферма на территории технополиса "Москва"
Майнинг-ферма на территории технополиса Москва - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа Аԥсны Апарламент ақәҵара аднакылахьан атәыла аҵакыраҿы акриптовалиутатә маининг аанкылазарц ЕгрыГЕС аремонт азыруанаҵы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 8 - Sputnik. Аминистрцәа реилазаара аамҭала Аԥсныҟа амаинингтә хархәагақәа ралагалара азин ааннакылоит 2020 шықәса ԥхынҷкәын 20 инаркны 2021 шықәса рашәара 1 аҟынӡа.

Аминистрцәа реилазаара иара абри ақәҵарала акриптавалиута аиуразы аусурақәа зегьы 2021 шықәса рашәара 1 аҟынӡа иааннакылоит.

Уаанӡа, иахьа ԥхынҷкәын 8 рзы Аԥсны аекономика аминистрраҿы имҩаԥысыз "Амшынеиқәафымцамч" анапхгареи амчратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәеи азлахәыз аенергетика иазку аилацәажәараҿ Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озганԥҳа аҳәамҭа ҟалҵеит  ареспубликаҿы амаинингтә фермақәа зегьы аҿыхтәуп, урҭ зтәу ирыхьмырԥшыкәа ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0