Кындыӷ иҟалаз аԥсыҭбара зцыз амҩатә машәыр ахара здырҵо иус аӡбарҭахь инашьҭуп

Заанаҵтәи аусҭҵаара адыррақәа рыла Руслан Қаџьаиа арыжәтә ыжәны амҩатә машәыр ҟаиҵеит ҳәа агәызҩара ыҟоуп. Уи иахҟьаны ԥшьҩык ауааԥсыра ҭахеит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 26-Sputnik. Кындыӷ иҟалаз аԥсыҭбара зцыз амҩатә машәыр ахара здырҵо Руслан Қаџьаиа иус аӡбарҭахь инашьҭуп, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР асаит.

Заанаҵтәи аусҭҵаара адыррақәа рыла амҩатә машәыр ҟалеит ареспубликатә трасса Ԥсоу-Егры, Очамчыра араион Кындыӷ ақыҭа аҿы абҵара 5 ахәылбыҽха, асааҭ 18.45 рзы. Гал ақалақь аганахьынтә Аҟәаҟа зхы хаз автомашьына Mercedes-Benz аԥсҟы зкыз Қаџьаиа Руслан амҩаду 141-тәи акилометр аҿы иаԥхьаҟатәи амҩатә цәаҳәа данылеит, иаауаз автомашьына ВАЗ-2107 дасит.

Кындыӷ иҟалаз аԥсыҭбара зцыз амҩатә машәыр ахара здырҵо дырбаандаҩуп

ВАЗ-2107 аԥсҟы зкыз Г. В. Сангәлиа, 1957 шықәса рзы иизи ипассаџьырцәа хҩыки –И. Ш Чиковани - 1971 шықәса рзы ииз, Р. М. Бигәаа  - 1974 шықәса рзы ииз, Н. И. Сангәлиа  - 1952 шықәса рзы ииз, зегьы Очамчыра араион Гәыԥ ақыҭа ауааԥсыра, рыԥсҭазаарақәа ирылҵит.

Қаџьаиа амедицинатә усҳәарҭахь днаган, ишьақәыргылан арыжәтә ыжәны дшыҟаз.

Аӡбацәа Руслан Қаџьаиа 2021 шықәса ажьырныҳәа 5 рҟынӡа дҭакызааит ҳәа ақәырҵеит.

Руслан Қаџьаиа ахара ихароуп ҳәа дшьам ихара шьақәырӷәӷәаны аӡбамҭа ала аӡбра азинмчра аиуаанӡа.