Аҟәа ақалақь ахадара аибашьра аветеранцәа афинанстә цхыраара рзыҟанаҵеит

Аԥарақәа шәоуп аҳҭнықалақь ахадара арезервтә фонд аҟынтәи.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 30 - Sputnik. Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа 14-ҩык афинанстә цхыраара рзыҟаиҵеит ҳәа аҳәоит ахадара асаит.

Абри азы афинансқәа русбарҭа анапы ианҵан 140 000 мааҭ аибашьра аинвалидцәа рреспубликатә Ассоциациа "Аԥсны" иахылыԥхьаӡаларц.

Ацхыраара зҭоу аветеранцәа Гагра ақалақь аҿы Ареспубликатә реабилитациатә Центр иҭоуп.

Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа Рфонд аҿы иҭаҩуп 2 895-ҩык. 2014 шықәса рзы иҟан 1 400-ҩык.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: