Идырым ахаҿқәа: аинвалидцәа рфонд "аревизиа" амҩаԥгара агәҭакуп

© Foto / Пресс-служба Кабмина АбхазииВстреча Анкваб с ветеранами
Встреча Анкваб с ветеранами - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа рфонд альготақәа змоу рсиа аиҭахәаԥшра мҩаԥнагоит.

Арадио Sputnik аинтервиу аҭо аусбарҭа аусзуҩцәа еиҭарҳәеит "ветеранцәақәак" рырԥхашьара шрықәшәалои, Аԥсны аибашьра аҭоурых аиҭакра зыгәҭакқәоу шыҟоуи.

Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб дырԥылеит Гагра, Гәылрыԥшь, Очамчыра, Тҟәарчал араионқәа рҿы иҟоу Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рассоциациақәа рхаҭарнакцәа. Иазааҭгылан  аинфалидцәа рфонд аҿа ахылаԥшратә хеилак ашьаҭаркра ахымԥадара  азҵаара.

Ишеилкаахаз ала, Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа рфонд аусура аилыккара аресурсқәа реихшара адагьы иззеихыршогьы аҵанакуеит.

Sputnik

Аинвалидра змам "аветеранцәа" рыԥшаара

Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа рфонд мызки бжаки иназынаԥшуа  аусбарҭа архиви ашәҟәқәеи "аревизиа" азыруеит "аԥаршеи ветеранцәеи" "аԥаршеи инвалидцәеи" раарԥшразы.

Агәаҭарақәа хацыркхеит  аветеранцәа рхаҭақәа афонд иҟанаҵо альготақәа заҭәаӡам ауаа рхыԥхьаӡара иацло ианалага ашьҭахь.

Афонд ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Емзари Ашәуа иажәақәа рыла, уи азы азин рымоуп – аҵыхәтәантәи афышықәса рыҩныҵҟа аинвалидцәеи аветеранцәеи рсиа акыр еиҳахеит. 2014 шықәса рзы аинвалидра змоу рсиаҿ 1300 ҩык арбазҭгьы,  2020 шықәса рзы – 3000-ҩык ҟалеит.

"Ҳара агәаҭарақәа ҳанрылага иаабеит иинвалидны акәым, зынӡа иветеранцәамызгьы. Ҩымзтәи ҳусура иаанарԥшыз рацәоуп аха рыхьӡқәа рҳәара ҳҭахым. Зегьы ҳауаажәлар роуп. Аветеранцәа ҳадгылоит. Амц ашьапы кьаҿуп", - ҳәа иҳәеит иара.

Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра Аинвалидцәа рфонд аревизиатә ҟәша аиҳабы Татиана Кочии ишылҳәо ала, агәаҭаратә усурақәа иаадырԥшит зықьҩык иинвалидцәамыз ауаа. Лара лажәаәқа рыла, ауаа аибашьра ишалахәыз шьақәдырӷәӷәоит аибашьраҿ иҟамыз, ма уи азы азин змам ауаа.

Аԥсадгьыл ануԥхьо: Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа ргәалашәарақәа

"Иаҳҳәап, Мрагыларатәи афронт аибашьҩы илшома Мраҭашәаратәи афронт иалахәыз ауаҩы ихы акантузиа амоуп ҳәа ашьақәырӷәӷәара?" ҳәа дҵаауеит лара.

Афонд иахыԥхьаӡалоу аветеран динвалидымзар альготақәа зауа рсиа даныххоит ҳәа азгәеиҭоит Ашәуа.

"Анаҩс акомиссиа ҷыда аԥҵахоит, агәаҭара мҩаԥгахоит, ҳаргьы ҳус иацаҳҵоит", - ҳәа иҳәеит иара.

"Амц ҳарааԥсеит"

Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа рфонд аревизиатә ҟәша аиҳабы Татиана Кочии лгәаанагарала "аревизиа" аҵакы – закәаншьаҭада аԥыжәарақәа зхы иазҭоз рахьырхәра акәӡам, атәыла аҭоурых арԥаршеира алмыршареи аветеран ихьӡ-иԥша аҳаракреи роуп.

"Уажәы зны-зынла аҭоурых иазку ашәҟәқәа ирну афотосахьақәа рҿгьы ианаабо ыҟоуп аибашьра анҵәамҭазы мчыла аҭабиақәа рахь инарцаз џьоукы. Альготақәа зегьы рхы иадырхәоит еибашьыҵәҟьоз ԥхашьа-ԥхаҵо аганқәа ирывоуп", – ҳәа иҳәоит Ашуа.

Уи дақәшаҳаҭуп Татиана Кочигьы. Лара илҳәоит аветеранцәа "мцыла анхара иарааԥсеит" ҳәа.

"Иахьа аҩны измамкәа-изыхӡымкәа итәоу аветеранцәа рылшамҭақәа ладырҟәит. Урҭ рылшамҭақәа ртәыртәит "аԥаршеи ветеранцәа". Уи зегьы ирдыруеит. Уажәшьҭарнахыс чҳашьак амамкәа иҟалеит", – ҳәа лҳәоит лара.

Ааигәа Афонд аҿы аветеранцәа реиҭаҭаҩра иалагеит. Аветеранцәа имшәа-имырҳа инеиуеит избанзар рыбжьара аветеран ихьӡ лазырҟәуа ҟаларым ҳәа агәрагара рымоуп ҳәа рҳәеит Афонд аҿы.

Ашәуа иажәақәа рыла, ареспублика АИХқәа хара имгакәа аибашьра аинвалидцәа реиҭаҭаҩра ишалаго рыларҳәоит. Аиҭаҭаҩрахь имнеиуа ахаҿқәа асиа ианыххоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0