Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Кәыҵниа Аԥсны абна амцакрақәа рзы

Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа арадио Sputnik иаиҭаз аинтервиу аҿы еиҭеиҳәеит ҳтәылаҿы иҟоу абна амцакрақәа ртәы.
Sputnik

 

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Кәыҵниа Аԥсны абна амцакрақәа рзы

"Аамҭа иақәнамго иҟоу ашоура абнақәа рҿы амцакрақәа рымҽхак дырҭбааит, аха амца ахала акышьа амам уажәтәи аамҭаз. Ауаҩы иааирԥшуа агәҽанымзаара иарҿиоит амашәыр. Ҳазҭалаз ашықәс азы раионцыԥхьаӡа амцакрақәа ыҟан, иахьагьы иахьыҟоу ыҟоуп, аха еиҳарак Гал араион аҭагылазаашьа даара ихьанҭан. Ақыҭақәа рҿы аҩнқәа ирзааигәаны амцакрақәа рацәан. Аԥша анасуа аамҭазы амцарцәара даара иус хьанҭоуп, иҳамаз егьырҭ араионқәа рҟнытә амашьынақәа уахь идәықәҵан, ауааԥсырагьы ацхыраара ҳарҭон, араион ахадарагьы ус. Хаицхырааны абарҭ ҩымшк рыла амца аанкылан. Уажәы аҭагылазаашьа уацәшәартә иҟам", – иҳәеит Кәыҵниа.

 

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: