Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Кәыҵниа аныҳәатә ԥсшьарамшқәа рзы иҟаз амашәырқәа ирызкны

© SputnikЛев Квициния
Лев Квициния  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Ашықәс ҿыц ауха инаркны аԥсшьарамшқәа ирылагӡаны иҟалаз ахҭысқәа ртәы.
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Кәыҵниа аныҳәатә ԥсшьарамшқәа рзы иҟаз амашәырқәа ирызкны

"Ԥхынҷкәын 31 ауха рыцҳарас иҟалаз хҭыск ауп, ажәҭра амца акит. Егьыс ашықәс ҿыц ибзиан ҳҭалеит уҳәар ҟалоит. Аха амза аказы Гагра иҟалеит арыцҳара ӷәӷәа. Ахәыҷы иргыламыз аҩны алифт ашахҭа дҭаҳаит. Уи анаҩс Алаҳаӡы аҩны амца акит. Амцарцәаҩцәа ахьӡеит аҩны аиқәырхара, ахыб заҵәык ада. Уи ашьҭахь Гәылрыԥшь араион Ԥшьаԥ атрансформатор амца акит. Амза 2 рзы ахҭысқәа иаҳа ирацәахеит. аԥхарра иҟоу иахҟьаны ҳтәылахь иаауа аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара иацлеит. Мамзышьха дыӡит аԥсшьаҩы. Уи дыԥшаан. Уи адагьы Гагра гектарк аҟара абна амца акит ҳәа адырра ҳауит, уи хылаԥшра арҭон ҳаҷаԥшьаҩцәа, анхарҭатә ҩнқәа ԥырхага рынамҭартә еиԥш. Уажәазы уа амцакра ыҟаӡам. Уи аҽны Тамшьынтәи аҭел иасит ақынхаҩы дыӡит ҳәа. Анхацәа дара-дара еигәныҩны Тҟәарчал дрыԥшааит. Анаҩс Тҟәарчал аԥацха амца акит. Уи аиқәырхара иахьымӡеит ҳамцарцәаҩцәа, уи адагьы Гәымрышь аҩны амца акит, иара уигьы ӷәӷәала иблит, аҩны иалыргаз даара имаҷуп. Амза хԥа рзы Риҵа дыӡит аԥсшьаҩы, уи абнахьчаҩцәа рыбзоурала дыԥшаахеит", - еиҭеиҳәеит Кәыҵниа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0