"Гаграа жәабжьда иаанҳажьуам": Гагратәи ателехәаԥшра 15 шықәса ахыҵит

Ажьырныҳәа 13 ауха, 2006 шықәсазы раԥхьаӡакәны аефир ахь иҭыҵит Гагратәи Ателехәаԥшра. 15 шықәса раахыс "Гагра ТВ" аҟны дикторс иҟоу Саида Жьиԥҳа еиҭалҳәеит аусура дшаарыԥхьази, ажурналистика лыԥсҭазаара ишаныԥшызи ртәы.
Sputnik

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Гагра араион аҟны раԥхьаӡакәны ателехәаԥшра аԥҵан 1997 шықәсазы, аха еиуеиԥшым амзызқәа ирхырҟьаны рацәак аус амуит. Анаҩс иаԥҵахеит "ТВ Триада" захьӡыз акоммерциатә канал. 2005 шықәса анҵәамҭазы, Гагра Араионтә еизара аӡбарала ишьақәгылеит ателехәаԥшра ҿыц. Уи еиҳабыс иаҭаз Русҭан Канџьариа ибзоурала аҿар адыԥхьаланы, мызкы аефир аус адуланы, 2006 шықәса, ажьырныҳәа 13 ауха Гагратәи Ателехәаԥшра ҩ-бызшәак рыла аԥсышәалеи урысшәалеи ажәлар ирыдгалан.

"Гаграа жәабжьда иаанҳажьуам": Гагратәи ателехәаԥшра 15 шықәса ахыҵит

Гагратәи Ателехәаԥшрахьы сара ааԥхьара сиҭеит адиректор Русҭан Канџьариа, уи аамҭазы аус ахьызуоз агазеҭ "Гагрски Вестник" аредактор хада Валери Орчыҟәба иабжьгарала.

Канџьариа: ателехәаԥшрахьы ауаа рнагара уадаҩуп ауалафахәы ахьмаҷу аҟынтә

"Хәлыбзиақәа, аефир аҿы иҟоуп Гагратәи Ателехәаԥшра"! - абарҭ ажәақәа рыла раԥхьаӡакәны ателербага аекран ахь сцәырҵит. Урыс бызшәала исыцымҩаԥигон Степан Швец. Ари амш ҭакԥхықәрала ҳазнеит ҳәа сҳәарц сылшоит. Иареи сареи мызкы иалагӡаны ҳдикциа аус адаҳулон.

Исгәалашәоит, асаркьа аԥхьа ҳтәаны, ҳабыз ԥҽып ҳәа ҳҿы аганқәа наҟ-ааҟ акаканқәа ҭаҵаны ҳабжьы ҭыганы атекстқәа ҳашрыԥхьоз. Аԥышәа змаҳдоз уаҩ дҳамамызт, иара аинтернетгьы абаҟагәышьаз, ана-ара иҳарҭоз абжьгарақәа ҳарзыӡырҩны аефир аҭыҵра ҳҽазыҟаҳҵон. Усҟан компиутерки камераки ракәын иҳамаз, аефир ҳҽахьаҳагӡарц азы иҟалалон шарԥазынӡа амонтаж ҳанадхалоз, аиҳарак адырраҭарақәа анҳархиоз.

"Гаграа жәабжьда иаанҳажьуам": Гагратәи ателехәаԥшра 15 шықәса ахыҵит

Гагратәи ателехәаԥшра аинформациатә ҭыжьымҭа мчыбжьык знык, амҽышала аефир ахь иҭыҵуан, анаҩс хынтә ицәырҵуа иалагеит.

Ателехәаԥшцәа ирыдаагало ажәабжьқәа иреиуоуп араион ахадареи араионтә еизара адепутатцәеи русура, аҵарадырреи, аспорти, акультуреи, амедицинеи, акоммуналтә усбарҭақәеи уҳәа рхырхарҭақәа ирыдҳәалоу.

"Гаграа жәабжьда иаанҳажьуам": Гагратәи ателехәаԥшра 15 шықәса ахыҵит

Гагратәи ателехәаԥшра аколлектив аамҭа-аамҭала аҽаԥсахуан. 15 шықәса раахыс аус зуа сдиректори сареи ҳауп. Иӡбахә сымҳәарц залшом раԥхьатәи амшқәа инадыркны 2019 шықәсанӡа операторси монтажҟаҵаҩыси иҳамаз Ҭемыр Ақаҩба. Иара 18 шықәса ракәын ихыҵуаз аколлектив ахь данааи. Аԥышәма змамыз, ахаан акамера знапаҟны изымкыцыз арԥыс, иахьа Аԥсны иреиӷьу аоператорцәа рыгәҭа ддыргылоит иусумҭақәа ртәы здыруа аспециалистцәа.

"Гаграа жәабжьда иаанҳажьуам": Гагратәи ателехәаԥшра 15 шықәса ахыҵит

Ҭемыр дааиваҟәыло дыҟоуп иахьатәи аоператор Музаффар Останов. Иара Узбекистанынтәи даҳзааит жәеиза шықәса раԥхьа, ԥыҭҩык аԥсуаа дреиӷьны аҳәынҭқарратә бызшәа еиликаауеит, аԥсуа жәабжьқәа рыҟәша ихала амонтаж ҟаиҵоит. Дикторси корреспондентси 13 шықәса аус луеит Мадина Ҭарԥҳа, уажәааигәа лара декрет дцеит, ҩыџьа аԥацәа лааӡоит. Рџьабаа рацәоуп ҳанџьныр Дмитри Чепелев, ҳтехникцәа Алмаси Алхаси Канџьариаа. Аамҭа-аамҭала ажәабжьқәа аурыс ҟәшаҿы дикторцәас иҳаман Степан Швеци Витали Вели-оӷлыи.

"Гаграа жәабжьда иаанҳажьуам": Гагратәи ателехәаԥшра 15 шықәса ахыҵит

Иӡбахә сымҳәарц залшом 15 шықәса зхыҵуаны аусура иаҳзааиз Саид Барганџьиа. Иара ашкол далгаанӡа корреспондентс дыҟан. Урыстәылаҟа аҵарахьы данца, аԥхынтәи иԥсшьарамшқәа раангьы аколлектив дҳавагылан. Шықәсқәак дикторсгьы аус иуит. Иахьа Саид Барганџьиа азанааҭ аҿы ишьақәгылаз ажурналист ҳәа иӡбахә уҳәар ауеит.

"Гаграа жәабжьда иаанҳажьуам": Гагратәи ателехәаԥшра 15 шықәса ахыҵит

Гагратәи Ателехәаԥшра иааԥсара адуп 12 шықәса редакторс иҟаз Беслан Амԥар. Иара ибзоурала иҭыхуп шәкы инеиҳаны Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахази иалахәызи аҵеицәа ирызкыз аочеркқәа. Рлагала рацәоуп уаанӡатәи ҳколлегацәа аоператорцәа Русҭам Дбари Давид Ҳашыги, акорреспондентцәа Мадина Канделакии Ванда Хагәышьԥҳаи. Иахьа иҳавагыланы аус руеит ҿыц иаҳзааиз ажурналистцәа Милана Адлеиԥҳаи Дариа Архиповеи.

"Гаграа жәабжьда иаанҳажьуам": Гагратәи ателехәаԥшра 15 шықәса ахыҵит

Хаҭала сара сзы иԥышәа духеит 2017 шықәсазы Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьраан, Гагра араион аҭарцәра иалахәыз агәыԥқәа ркомандаҟаҵаҩцәеи алахәцәеи реибашьратә мҩа иазкны, араион ахақәиҭтәра 25 шықәса ахыҵра ахьӡала иазсырхиаз анҵамҭақәа. Усҟан шәҩык инарзынаԥшуа аибашьцәа срыҿцәажәеит.

Гагратәи Ателехәаԥшраҟынтә 15 шықәса ирылагӡаны аделегациақәа срыцны изныкымкәа Нхыҵ-Кавкази Урыстәыла ақалақьқәеи жәпакы сырҭаахьеит. 15 шықәса раахыс шаҳаҭра азызуоит араион аԥсҭазаареи аҭоурыхи. Раԥхьанатә аусура саналагоз Гагра араион Ахадара аиҳабыс дыҟан Валери Бганба, шықәсыбжак ашьҭахь ари амаҵура дахагылоит Асҭамыр Қьецба. Иареи ҳареи фышықәса аус еицаҳуит. Усҟантәи аамҭақәа даара иссирын сҳәарц сылшоит.

"Гаграа жәабжьда иаанҳажьуам": Гагратәи ателехәаԥшра 15 шықәса ахыҵит

Гагра араион лассы-лассы иаҭаауан аҳәаанырцәынтәи асасцәа, ҳаргьы дара рахь ааԥхьара ҳарҭон. Имҩаԥысуан акультуратә еиԥыларақәа рацәаӡаны, аконцертқәа, ахәылԥазқәа. Анаҩс Гагра араион ахадас дҟалеит Григори Еныкь. Убасҟан Гагратәи Ателехәаԥшра мчыбжьык хынтә аефир ахь иҭыҵуа иалагеит.

"Гаграа жәабжьда иаанҳажьуам": Гагратәи ателехәаԥшра 15 шықәса ахыҵит

Рацәак акәымзаргьы, аус рыцаҳуит араион напхгара азҭоз Беслан Барцыци, Заур Бганбеи, Геннади Сыҷынааи. Иахьа Гагратәи Ателехәаԥшра, араион абыжьбатәи ахада Иури Хагәышь ҳаихаануп. Аиашазы, ари амаҵура аԥышәара дыхнажьит сҳәарц сылшоит егьырҭ ахадацәа дырҿырԥшны. Аҿкы чымазареи уи иацыз аԥкрақәеи, аҵыхәтәантәи амцакрақәеи уҳәа имаҵураҿы ауадаҩрақәа дрыниеит, аха иара дқәыԥшуп, ари аҭагылазаашьа даӡрыжәуеит.

"Гаграа жәабжьда иаанҳажьуам": Гагратәи ателехәаԥшра 15 шықәса ахыҵит

15 шықәса ирылагӡаны игәасҭеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иадҳәалоу арыцхәқәа раан сзыҿцәажәоз аветеранцәа рхыԥхьаӡара иагхо ишалагаз. Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәыз ракәзар, раԥхьаӡа аусура ҳаналага шәҩыла рыԥсы ҭазҭгьы, иахьа аӡәык-ҩыџьак роуп инхаз. Уазымхәыцроуп акәымзар, аамҭа иахәлабго аԥсҭазаара ацклаԥшра мариам.

15 шықәса ирылагӡаны Гагратәи Ателехәаԥшра иацызҳаит абиԥарак. Ахәыҷбаҳча иҭаны аныҳәақәа раан ажәеинраалақәа иаҳзаԥхьоз, иахьа ҳоператорцәа урҭ рчарақәа рҭыхразы ааԥхьара рырҭоит.

Гагратәи ателехәаԥшра раԥхьатәи амшқәа раан еиԥш иахьагьы ауадаҩрақәа амоуп, аиҳарак акадрқәа разымхарала. Аусура зҭахны иааиуагьы раӷьырак аԥсышәала аҩреи аԥхьареи ракәым, ацәажәарагьы рцәыуадаҩуп. Аха ус егьа иҟазаргьы, 15 шықәса рыла иҟамлацт Гаграа жәабжьда иаанханы. Зны-зынла иҳалымшогьы ҳалыршаны аефир ахь ҳҭыҵуан. Ааԥынра иҳалаҳәаз акарантингьы ҳхы анрааланы аҩны иҭаҳаҩуан аефир.

Ииашоуп, ҳажәабжьқәа рыла еснагь ауаа ргәы ҳзыҟаҵом. Иҟалалоит, "акино бзиа ацара иаҿын, шәара шәаҿаԥаланы аефир ахь шәҭыҵит" ҳәа анҳаҽԥнырҳәо. Хымԥада, иҳамоуп "ефирк иагҳажьуам, бзиа шәаҳбоит" ҳәа ҳазҳәо ателехәаԥшцәагьы. Убас еиԥш ихәыцуа ауаа раҳаҭыр азоуп иахьа уажәраанӡагьы аусура ҳазҭыҵуа.

Гагратәи Ателехәаԥшра акабельтә антенна ала адагьы, ҳажәабжьқәа ирызҿлымҳау шәҳахәаԥшырц шәылшоит аинтернет проваидер "Система" ала.