"Ҳџьабаақәа дуум, ирацәам, убри аҟынтә ҳколлектив ҳааидтәалны ҳаиқәныҳәоит акәымзар, ус аиубилеи азгәаҭара ҳгәы иҭам. Уажәы аусураҿы уахатәи аефир аизгара ҳаҿуп. Араионтә еизара адепутатцәеи ҳареи аиқәшаҳаҭра иҳабжьоу ала ақалақь аҟны иҟоу азҵаарақәа цәырҳгоит, аочеркқәа азҳархиоит аибашьцәа ирызку, 100 инарзынаԥшуа ус еиԥш адырраҭарақәа ҳамоуп. Убасгьы ашколқәа рҟны еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа ҭаҳхуеит, ауаа ирызнаҳгар ҳҭахуп ҳбызшәа иаҳа ргәахьы инеирц, бзиа ирбарц. Ажәабжьқәа рыдагьы ус еиԥш анҵамҭақәа ҟаҳҵоит", - иҳәеит Канџьариа.
Иааизакны аколлектив 16–ҩык еиднакылоит. Арҿиара знапы алаку ажурналистцәа хҩыки операторки аус руеит Гагратәи ателехәаԥшраҟны. Канџьариа иажәақәа рыла, ателехәаԥшрахьы ауаа аусура рнагара мариам, избанзар ауалафахәы маҷуп, акурорттә қалақь аҟны мызкы ателехәаԥшра аусзуҩцәа ироуа ҽнак идырҳауеит ихәаахәҭуа.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
"Гаграа жәабжьда иаанҳажьуам": Гагратәи ателехәаԥшра 15 шықәса ахыҵит
-
Канџьариа: Гагратәи ателехәаԥшра анҵамҭақәа зегьы ирбалартә иҟаҳҵоит