"Уахаҟара быԥшӡаны бсымбацт": Русҭан Канџьариа ирҿиаратә мҩа

© Foto / из личного архива Рустана Конджариа Рустан Конджариа
 Рустан Конджариа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, Таиф Аџьбеи, Рушьбеи Смыри, Рауль Лашәриеи ражәеинраалақәа ирылху ашәақәеи хыԥхьаӡара рацәала аурыс естрадатәи аҳәаанырцәтәии ашәақәа назыгӡахьо Русҭан Канџьариа ирҿиаратә мҩа атәы Sputnik акорреспондент Саида Жьиԥҳа лматериал аҟны.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik 

Гәдоуҭа араион Дәрыԥшь ақыҭан ииз, иааӡаз, зырҿиаратә мҩа ари аҭоурыхтә дгьыл аҟнытә иалагаз Русҭан Канџьариа иахьа "Черный август", "Россия-Абхазия", "Море в Гаграх", "Сылашара" ашәақәа рыла деицырдыруазар, 70-тәи ашықәсқәа раан "Черные водолазки" агәыԥ даланы, Дәрыԥшьтәи аклуб "зырмацәысуаз" дреиуан.

Мери Чанба - Sputnik Аҧсны
Мери Ҷанԥҳа: сыԥсҭазаара абжеиҳан, Гагратәи аҟазаратә школ иазыскит

Усҟан аиҳабыратәи аклассқәа рҟны аҵара зҵоз, аҟазара злаз Русҭани Сулҭани Канџьариаа, Алик Чуаз, Санардик Гунба, Тыҷа Бениа уҳәа арԥрацәа ишьақәдыргылеит аестрадатә гәыԥ. Аԥсуеи аурыси, адунеи аҟны еицырдыруаз британиатәи агәыԥ "Битлз" рашәақәеи нагӡауа ихырххьан ақыҭатә клуб иаҭаауаз зегьы, аиҳарак "Черные водолазки" "кумирцәахеит" аҭыԥҳацәа рзы.

"Ҳгәыԥ "Черные водолазки" шьақәгылан ҩышықәса, ашкол ҳалгаанӡа. Иара иахаҳҵыз ахьӡ атәы уҳәозар, уи баша имиӡит. Усҟантәи аамҭазы асцена ҳанаалартә еиԥш аҽеилаҳәаразы аҭагылазаашьа ҳамамызт аҟнытә, еиԥшны аводолазка еиқәаҵәақәа ааҳхәеит, зны алаф ахаҳҳәааит, аха нас агәыԥ ахьӡс ишьҭаҳхеит, аамҭакы ашьҭахь агәра ҳгеит ари асценатә хьӡы ауаа шаднаԥхьалоз", - игәалашәоит артист.

Аҟармаратәи аҟармаҵыс: Европа хызхыз Фатима Чергинӡиа лҭоурых

Агитареи, абас-гитареи, афымцатә уарӷани, адаули арҳәауа, ишәаҳәоз, икәашоз "Черные водолазки" алахәцәа ирыхәаԥшырц иаауан Дәрыԥшь иаԥныз егьырҭ ақыҭақәа рҟынтәгьы аҿар.

© Foto / из личного архива Рустана КонджариаРустан Конджариа
Уахаҟара быԥшӡаны бсымбацт: Русҭан Канџьариа ирҿиаратә мҩа - Sputnik Аҧсны
Рустан Конджариа

Арԥарцәа ашкол ианалга, доусы ихатәы мҩа ылихит. Қарҭтәи аԥырратә ҵараиурҭа иҭаларц згәы иҭаз, аха Аԥснынтәи дааит ҳәа аԥышәараҿы аԥынгылақәа зауз Русҭан Канџьариа, Дәрыԥшьҟа дхынҳәны аколхоз аҿы аусура иациҵеит.

Анаҩс, арратә қәра данаҵанак, Украина, Прикарпатьеҟа дрышьҭуеит. Уаҟа ихы бзианы иахьааирԥшыз азы, иеиҳабацәа игәра ганы атанктә екипаж акомандаҟаҵара идырҵоит. Ажәакала, аофицар имаҵура наигӡон. Арратә уалԥшьақәа инарываргыланы, Русҭан Канџьариа иҟазара атәы заҳаз, архәҭа иазааигәаз ақалақь хәыҷқәа Овручи, Бердичеви аклубқәа рҟны аусура далагоит, еиҿикаауеит арратә ахаԥшьагаратә ансамбльқәа.

© Foto / из личного архива Рустана КонджариаРустан Конджариа
Уахаҟара быԥшӡаны бсымбацт: Русҭан Канџьариа ирҿиаратә мҩа - Sputnik Аҧсны
Рустан Конджариа

1977 шықәсазы, Русҭан Канџьариа Аԥсныҟа даауеит, иара убасҟан латәарада дҭалоит Челиабинсктәи акультуратә институт, амассатә сценақәа арежиссура афакультет. Ҩышықәса Гәдоуҭа еиҿкааз ансамбль "Мзымҭа" аҟны аус уны, иҩыза, ахореограф Лев Қьецба ааԥхьара ииҭоит Тҟәарчалҟа.

Манана Галобери - Sputnik Аҧсны
Ахәыҷра иазышәаҳәо амузыкант

"Сара адаул арҳәара сазҟазан, насгьы ашәақәа насыгӡон, аха уи иазынархаз азанааҭ сымамызт, ус ԥсабарала исыцааиуан. "Мзымҭа" сахьынӡалаз Гәдоуҭа араион ақыҭақәа рҟны ҳақәгылон. Нас Тҟәарчалҟа сцеит, Баслахәтәи акультура аҩнаҟны аусура салагеит", - еиҭеиҳәоит ашәаҳәаҩ.

1979 шықәса инаркны 1985 шықәсанӡа Русҭан Канџьариа, Заур Зыхәба напхгаҩыс дызмаз ансамбль "Аԥсилы" аҟны ашәа иҳәон. Уи агәыԥ иалан Резо Нарманиа, Анзор Адлеиба, Виачеслав Шьоууа, Константин Бланк, Ныгәзар Ҷкадуа, Нодар Гвинеашвили.

1980 шықәсазы, "Аԥсилы" ааԥхьара аман Урыстәылатәи ацентртә телехәаԥшра амузыкатә программа "Шире круг", Ашықәс ҿыц аныҳәа иазкны имҩаԥыргоз аҭыхрақәа рахь.

"Аԥсилы" алахәын Қарҭ еиҿкаахоз амузыкатә фестивальқәа. 1984 шықәсазы уаҟа иҭыҵит агәыԥ инанагӡоз ашәақәа зныз апластинкагьы.

Гагратәи аҟазаратә школ Аԥсны Жәлар рартист Баграт Багаҭелиа ихьӡ ахырҵеит

"Апластинака ашәақәа ԥшьба заҵәык ракәын ианыз, аха ҳколлектив азы ари даара акразҵазкуаз, арҿиара иацаҳҵартә еиԥш агәазыҳәара ҳазҭаз хҭысхеит", - иҳәоит Русҭан Канџьариа.

Усҟантәи аамҭазы, аиҳарак ақыҭатә клубқәа рҟны ауаа афиша ҿыцқәа анырбоз, аӡәи-аӡәи еибырҳәон. Ргәы хыҭ-хыҭуа, "абри амш анбааиуа" ҳәа ирзыԥшын аԥсуа ашәаҳәаратәи акәашаратәи коллективқәа. Аколнхарақәа ирзааԥсоз аџьажәлар амузыкатә ацхқәа ԥсыршьагас, хәрарӷьагас, гәышьҭыхгас ирыман.

© Foto / из личного архива Рустана КонджариаРустан Конджариа
Уахаҟара быԥшӡаны бсымбацт: Русҭан Канџьариа ирҿиаратә мҩа - Sputnik Аҧсны
Рустан Конджариа

Фышықәса ааҵуаны, "Аԥсилы" ныжьны, ҩаԥхьа Гәдоуҭаҟа иааз Русҭан Канџьариа, ааԥхьара ирҭеит Гаграҟа. Ақалақьтә комитет апартиа актәи амаӡаныҟәгаҩс иҟаз Енвер Қапба иҟаиҵаз аҳәарала, Оҭар Хәынҵариеи, Баграт Багаҭелиеи, Лев Қьецбеи, Русҭан Канџьариеи рнапы аларкуеит, ақырҭцәа зхаԥаны иҟаз, ҳхатәы бызшәа алшарақәа ахьаԥкыз Гагра араион аԥсуа музыка ықәыҩҩырц, ашәаҳәаратәи, акәашаратәи, аестрадатәи коллективқәа раԥҵара.

Гагрский хореографический ансамбль Афыртын принял участие в международном конкурсе Надежда Европы - Sputnik Аҧсны
"Афырҭын" шықәсык напхгаҩыда: Лев Қьецба игәалашәаразы

Абарҭ артистцәа еицхырааны ирылдыршоит ансамбль "Афырҭыни", агәыԥ "Абааҭеи" еиҿкааны Гагра араион амузыка аепоха ҿыц аартра. Гагратәи асценақәа руак аҟны Русҭан Канџьариа раԥхьаӡакәны инаигӡеит Таиф Аџьба иажәеинраала иалхны иҩыз "Уахаҟара быԥшӡаны бсымбацт" ашәа. Иҳәатәуп, аҭыԥҳацәа ргәаҵаҿы ацәаныррақәа зырҿыхаз ацәаҳәақәа ахьуԥыло ашәа иаразнак ажәлар ирылаҵәеит.

Русҭан Канџьариа напхгара зиҭоз агәыԥ "Абаҭаа" аҟны адагьы, жәлар рашәақәа наигӡон ансамбль "Афырҭын" дахәҭакны.

"Усҟантәи аамҭазы Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист ҳәа ахьӡ ҳаракы иаԥсахахьаз Баграт Багаҭелиеи, ивагылаз иҩызцәа Оҭар Хәынҵариеи, Лев Қьецбеи рымчала еиҿкааз ансамбль "Афырҭын" аӡбахә хара ицеит. Шықәсык ахь ҩынтә-хынтә ҳтәыла анҭыҵ афестивальқәа рахь ааԥхьарақәа рмоукәа ҟаломызт. "Афырҭынаа" Америкеи, Польшеи, Бельгиеи, Иугославиеи, Италиеи ҳақәгылахьан. Исгәалашәои,  қалақьк аҟны ҩыџьара аконцертқәа анымҩаԥаагоз, раԥхьатәи ҳахәаԥшцәа еиҭа ишҳазнеиуаз", - еиҭеиҳәоит ашәаҳәаҩ.

1987 шықәса инаркны Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра алагаанӡа, Русҭан Канџьариа Гагра ақалақь акультура аҩны деиҳабын.

© Foto / из личного архива Рустана КонджариаРустан Конджариа
Уахаҟара быԥшӡаны бсымбацт: Русҭан Канџьариа ирҿиаратә мҩа - Sputnik Аҧсны
Рустан Конджариа

Нанҳәа 12, 1992 шықәсазы, аибашьра ҩымш шыбжьаз "Афырҭын" Италиантәи ихынҳәит. Усҟан Аԥснытәи аделегациа иалахәын атәыла анапхгара ахантәаҩы Џьуби Ауҳаҭ, аҭоурыхҭҵааҩ Иури Воронов.

Ансамбль Кьараз асахьаркыратә напхгаҩы Олек Чуаз. - Sputnik Аҧсны
Арадио
Чуаз: ансамбль "Кьараз" аиқәырхароуп хықәкыс исымоу

Русҭан Канџьариа иазгәеиҭеит, Иури Воронов уалԥшьас ишидыз, амшын иаԥшу Генуиа ақалақь аҟны, аԥсуа ԥсыжырҭақәа ахьыҟаз, арантәи игаз анышә, ҳџьынџьуаа рҳаҭгәынқәа арықәԥсара, убас уаантәи аҟәых Аԥсныҟа аагара.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра цонаҵы Русҭан Канџьариа аамҭак азы Џьамал Чрыгба икомандаҟаҵарала, Гагратәи актәи абаталион аҿы сапиорс дыҟан, ашьҭахь Витали Тарнаа командаҟаҵаҩс дызмаз Гагратәи ахәбатәи амотохысратә баталион аимадара аиҳабыс даҭан. Ианашьоуп "Агәымшәаразы" амедал.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь, Русҭан Канџьариа арратә журналист Слава Сақаниа иааԥхьарала аусура далагоит Пицунда ихацаркхаз ателехәаԥшратә, арҿиаратә гәыԥ "Аԥсуара" ахь авидеоҭыхыҩс. Гагра ақалақь аус зуаз ателехәаԥшра "ТВ триада" азгьы иаздырхион ажәабжьқәа. Убас аиҩызцәа еицхырааны хәыда-ԥсада еиҿыркаауа иалагеит аибашьраҿы иҭахаз рыхшара рзы ахәыҷтәы лагерьқәа.

© Foto / из личного архива Рустана Конджариа Рустан Конджариа
Уахаҟара быԥшӡаны бсымбацт: Русҭан Канџьариа ирҿиаратә мҩа - Sputnik Аҧсны
Рустан Конджариа

Оҭар Хәынҵариа дызхагылаз, Уасил Ақаҩба напхгара зиҭоз Пицундатәи ансамбль "Аламыс" оркестр аҟны аамҭакы Русҭан Канџьариа адаул аирҳәон, дшәаҳәон. Изныкымкәагьы Ҭырқәтәыла ицаны ҳџьынџьуаа рзгьы аконцертқәа еиҿыркаахьан.

Акыр шықәса инеиԥынкыланы, Аԥсны Жәлар рартист Оҭар Хәынҵариа Гагратәи акультура аҩнаҟны иаԥҵаны имаз ахәыҷтәы театр "Мамзышьха" аҟны арольқәа наигӡон. Аҵыхәтәантәи 15 шықәса Оҭар Хәынҵариа идует "Бырфын" аҟны ахкы наигӡоит.

© Foto / из личного архива Рустана Конджариа Рустан Конджариа
Уахаҟара быԥшӡаны бсымбацт: Русҭан Канџьариа ирҿиаратә мҩа - Sputnik Аҧсны
Рустан Конджариа

Русҭан Канџьариа 20 инарзынаԥшуа ажәеинраалақәа рзы амузыка иҩхьеит, инаигӡахьоу арепертуар аҿы иҟоуп 50 ашәа.

Аибашьра ашьҭахь згәыблыра икыз ателехәаԥшра аусгьы иахьа иациҵоит. 13 шықәса раахыс Гагратәи араионтә телехәаԥшра деиҳабуп. Ирҿиаратә гәыԥ абзоурала араион аԥсҭазаара ган рацәала иӡыргоуп.

Марина Жьиԥҳа: ашәа аныҟам, саргьы сыҟам

Русҭан Михаил-иԥа Канџьариа, Аԥсны акультура аҿиара иалеигалаз аџьабаазы Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь инапы зҵаиҩхьаз Аусԥҟа инақәыршәаны ихҵоуп "Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист" ҳәа ахьӡ ҳаракы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0