Арадио

Аиба Гагра афымцалашаразы аҭагылазаашьазы: амаининг аанаҳамкылар, еиҳагьы ҳаицәахоит

Аунитартә наплакы "Амшынеиқәафымцамч" Гагратәи аҟәша аиҳабы Аслан Аиба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит иахьатәи аамҭазы араион аҿы фымцалашарала ауаа реиқәыршәаразы аҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы.
Sputnik
Аиба Гагра афымцалашаразы аҭагылазаашьазы: амаининг аанаҳамкылар, еиҳагьы ҳаицәахоит

"Гагра раион аҭагылазаашьа даара ицәгьоуп. Ари ахьҭақәа иҟаз ирацәаны авариақәа ҟалеит. Иахьа алашара ажәлар ироуртә иҟаҳҵеит. Аҟәа имҩаԥысит аилацәажәара. Урыстәылантәи шаҟа мегаватт ҳауа ҳара инаҳхуеи ҳаинаалом, аԥкрақәа ҳрылагоит. Раионцыԥхьаӡа ишашаны ирырҭеит, шаҟа-шаҟа иԥктәу. Аподстанциа аиҳабы сареи иахьҳарцәо, ишҳарцәо, ишыҟахҵо, уаха иҳаӡбароуп. Амаининг аус аанаҳамкылар, еиҭа ҳаицәахар ҳәа сшәоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Аиба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: