Аиба Гагра афымцалашаразы аҭагылазаашьазы: амаининг аанаҳамкылар, еиҳагьы ҳаицәахоит
"Гагра раион аҭагылазаашьа даара ицәгьоуп. Ари ахьҭақәа иҟаз ирацәаны авариақәа ҟалеит. Иахьа алашара ажәлар ироуртә иҟаҳҵеит. Аҟәа имҩаԥысит аилацәажәара. Урыстәылантәи шаҟа мегаватт ҳауа ҳара инаҳхуеи ҳаинаалом, аԥкрақәа ҳрылагоит. Раионцыԥхьаӡа ишашаны ирырҭеит, шаҟа-шаҟа иԥктәу. Аподстанциа аиҳабы сареи иахьҳарцәо, ишҳарцәо, ишыҟахҵо, уаха иҳаӡбароуп. Амаининг аус аанаҳамкылар, еиҭа ҳаицәахар ҳәа сшәоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Аиба.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Аԥсны иазымхар ҟалоит иззеиқәшаҳаҭханы урыстәылантәи иаауа афымцалашара
-
Гәдоуҭа ачазауад аиҳабы Лакоба алашаразы ауадаҩрақәа рзы: ҳариааироуп, уаҳа ԥсыхәа ыҟам