Арадио

Сабекьиа: ашәырбаҳча дуқәа змоу иахьанатә аусурақәа ирылагар ауп

Аԥсны Ақыҭанхамҩа аҭҵаарадырратә институт аспециалист хада, ақыҭанхамҩатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Дмитри Сабекьиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ҳазҭагылоу аамҭазы абаҳчақәа рҟны иарбан усурақәоу зымҩаԥгара ахәҭоу.
Sputnik
Сабекьиа: ашәырбаҳча дуқәа змоу иахьанатә аусурақәа ирылагар ауп

"Збаҳчақәа иаҳа инеиҵыху, ашәыр ԥыҭк змоу аҵлақәа нап рыдкыларазы аусурақәа дрылагароуп ари амзазы, нас дахьымӡар ауеит. Иаагозар акиви адгьыл аҟынтәи аԥхарра анаиулак, аӡы шьҭнахуа иалагоит, нас ҳнаскьаны аԥҟара, аилыхра ҳалагар, ҳагхар ауеит. Аԥхаррақәа иахьа ишыҟоу еиԥш ицалар, аӡахәа, акиви змоу, убасгьы аҳәаса, атама, аца, аҵәа, аҳа раԥхьа ашәҭра иалаго аҵлақәа еилыхны, амза 20 шыҟоу реиԥш ахәшәтәра иалагар ауп аҵармақьи акьыри еилаҭәаны… Араса авҵиаақәа уажәы иамухыр, ақәа леит, ма асы ҳәа ԥырхага анаҭаӡом", - иҳәеит Сабекьиа.

Иаҳа инарҭбааны аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил шәазыӡырҩыр.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: