Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Чагәаа: иҳааӡо ашәыр гьамала акыр еиӷьуп анҭыҵынтә иаарго аасҭа

© Foto / предоставлено Нугзаром ЧагаваНугзар Чагава
Нугзар Чагава - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәылрыԥшь араион иҟоу агрофирма "Кәыдры" аиҳабы Нугзар Чагәаа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит рнапы злаку аусқәа ртәы.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Чагәаа иаадрыхуа ашәыр атәы

"Ааԥынра ааигәахо иалагеит. Ҳара уажәы аус рыдаҳулоит иҳамоу ашәыр хкқәа. Атама аилыхра ҳаҿуп, даҽа мышкы-ҩымш рыла ҳалгоит, убасгьы напы аҳаркит аҵәа аилыхра. Жәаҳәарада, уи ԥытраамҭак ҳадхалоит, жәа-гектарк рҟынӡа ҳамоуп. Заанаҵы иҟауҵо аус уԥымлар залшом. Уџьабаа бзабааны ҭагалан иануԥыло уи гәырӷьароуп. Егьыс аҳауатә ҭагылазаашьа атәы ҳҳәозар, аӡын шаҟа ихьшәашәароу аԥсабара иазеиӷьуп, аҳауа арыцқьоит, ахәаҷамаҷа ашьуеит. Аӡынра анԥхарроу ашәыр заанаҵы ашәҭра аҽазнакуеит. Иҳамоу ашәыр 2012 шықәсазы Акомплекстә план аҳәаақәа иҭагӡаны иҟаҵаз ауп, еиқәырханы иааҳгеит. Ацхыраара ҳамазҭгьы акырынтә еиӷьны иҟаҳҵон, аха уажәы иахьынӡааҳгахьоу уаҩы игәы каҳартә дыҟам. Наҟынтәи иаарго ашәыр ԥшӡарала ҳара ҳтәыи узеидымкылозар, агьамала акырӡа еиӷьуп. Сынтәа 80 тонна рҟынӡа аҵәа ҿаҳхит, зегьы хымз рыла иаҳҭиит", -иҳәеит Чагәаа.

Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0