Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik
Ацәашьы амифологиаҿы алашара иасимволуп, амра зыԥсахуа, уи аԥсҭазааратә мчра аазырԥшуа акәны иҟоуп, алашьцара уалызго лашароуп. Еиуеиԥшым атрадициақәа рҟны ацәашьы ахархәара ауниверсалтә ҟазшьа амоуп. Ацәашьы амацәыс иадыркылоит: амацәыс еимгеимцаракны иаацәырҵны ишныҵабо еиԥш, ацәашьгьы еимгеимцаракны ауп ишылашо, аамҭахҵәахак ауп иазоужьу, аха аҵакы ӷәӷәоуп.
Ацәашьы уагьеиқәнархоит, уагьҭанархоит. Ацәашьы кны ишныҳәо еиԥш, ацәашьы кыдҵангьы ишәиуеит. Идыруп афактқәа Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраан ацәашьы кыдҵаны ишәины зыҩнқәа ааныжьны ицоз ашәанцәа ирызкны.
Аныҳәарақәа зегьы рҿы шамахамзар ацәашьы ахархәара амоуп, жәҩантә мчы иасимволуп (божественный огонь, небесный огонь). Иҿырԥшыгоуп Ажьырныҳәаҿы ацәашьы аҭаацәа рыцыԥхьаӡа ахьырбылуа. Ари аҿырԥшы ала иубоит ацәашьы иамоу даҽа ҵакыкгьы – ауаҩы иԥсҭазаара ишадырҳәало. Ирҳәоит зцәашьхәы иаҳа краамҭа ибылуа анҵыра иоуеит, иԥсҭазаара бзиахоит ҳәа. Иазгәаҭатәуп, аныҳәагатә цәашьы ҟазҵо лымкаала аныҳәаҩ шиакәу, даҽаӡәы уи далакьысуам, амарҭхә ииҭоит ада.
Аныҳәарақәа рнаҩсангьы ацәа, ацәашьы ахархәара амоуп нанҳәа, амшаԥы реиԥш иҟоу амзартә ныҳәақәа рҿгьы "аԥсы криҿаҵара" аритуал амҩаԥгараан, асыкәмал хырҵоит, ацәа афҩы аԥсы имҩа аанартуеит ҳәа иԥхьаӡаны. Иара аԥсра ақьабзқәа рҿгьы ацәашьы иалкаау аҭыԥ ааннакылоит.
Ҳанҵамҭақәа рҿы ҳазааҭгылахьеит агәлымҵәах данԥсуа иоура зоуроу ацәашьы шыҟарҵо атәы – ашьамаҟа ҳәа изышьҭоу. Аԥсра ашьҭахь амшынҩажәа ҵаанӡа акәзар, есуаха цәашьык-цәашьык адыркуеит, ашықәсынӡа – мчыбжьык знык, уи инарцәымҩа дықәнаҵоит, инарцәымҩа изарлашоит ҳәа иазшьоуп, насгьы аҩсҭаацәа иԥырнацоит ҳәа иҟарҵоит.
Ацәашьы ахархәара арҭоит иара убас, амагиатә ҵакы ала, аԥшрақәа раан. Аԥшҩы лааигәа еснагь иҟоуп ацәашьы, уи ихадароу латрибутқәа иреиуоуп. Хазы иҟоуп аԥшра-хкқәа ацәашьы аркны аԥсы ианиԥхьо.
Абасала ацәашьы ахархәара ҭбаауп еиуеиԥшым аритуалқәа рҟны. Амифологиатә дунеихәаԥшышьаҿы ишьақәгыланы ишыҟоу еиԥш – ҳара иаҳтәу/иаҳтәым адунеи, алашара/алашьцара, нарцәы/аарцәы – убасҵәҟьа еихшоуп ацәашьы асимволтә ҵакгьы: уи абзиареи ацәгьареи иртәуп, иагьныҳәоит, иагьышәиуеит, ауаҩы иԥсы шиханаҵо еиԥш (игәабзиаразы, "деибга-деизҩыда" ҳәа иныҳәара), инарцәымҩагьы арлашоит.
Иарбанзаалак аныҳәара цәашьыда амч аиуам хәа иԥхьаӡоуп, ацәашьы кны ажәа аҳәара иҷыдоу мчык аҵанаҵоит ҳәа ишьоуп, Анцәа ицәашьхәуп, уи илашароуп ҳәа иԥхьаӡоуп.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Анцәа иахь иуқәуҵаз ажәа: аҿаҭахьа аҵаки анагӡашьеи
"Ԥсыуаҵас ирхәышәтәуа", мамзаргьы алаԥш ауаҩы ихгашьа х-хкыкны
Шьашәы абжьныха ирхылаԥшу аҵалара: Ажьира аҵеи дшаҵарныҳәо