"Ԥсыуаҵас ирхәышәтәуа", мамзаргьы алаԥш ауаҩы ихгашьа х-хкыкны

© Foto / предоставлено Евой ТанияРита Дбарԥҳа
Рита Дбарԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ауаҩы алаԥш иқәшәеит ҳәа аныԥхьаӡоу уи ихгашьа ахкқәас иҟоу, насгьы абзалаԥш, аԥсылаԥш, ахкәырша дара-дара злеиԥшым дазааҭгылоит Дәрыԥшьтәи аинформант илыҿцәажәаз афольклорист Есма Ҭоудаԥҳа.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Дәрыԥшь ақыҭа инхо Рита Дбар-Ҭаниа лҿаԥыцтә гәалашәара акырӡа ибеиоуп. Уи лдыррақәагьы аҿар ирымалдарц даҿуп. "Аҿар ирҵар бзиоуп, акы ианҵаны ирымазар бзиоуп, ԥхьаҟа аихаҳаразы адуцәа изҳәо ҳәа иҟоу есымша ҳаԥсы ҭаӡам" ҳәа лҳәоит.

Аҵиаақәа - Sputnik Аҧсны
Лаԥшь ҵәаԥшь ҭаст: аҭәҳәаҟаҵаҩцәа алаԥш заахаз ишырхыруа иазкны

Лара ԥсыуа традициала инхо аҭаацәара деиуоуп. Аҿатә ԥсҭазаара шлыцәтәымымгьы ԥсыуаҵас ихәыцуа дреиуоуп. Убас, уи иаҳзеиҭалҳәеит ишыҟоу аҳақьым дызмыхәо, ԥсыуаҵас ирхәышәтәуа ауаҩы игәамбзиарақәа. Урҭ иреиуоуп ауаҩы алаԥш данакуа. Алаԥш иакыз ауаҩы ула ишабо дҵыкәкәа ацара далагоит  ҳәа рҳәоит аҭәҳәаҩцәа, ихьыз ҳәа узымдыруа, акрыимфо, акрыимжәуа, есааира имч маҷхо далагоит. Ҳинформант ишазгәалҭо ала, зықәра маҷу иоуп аиҳаракгьы алаԥш зчычо. Алаԥш иагахьоугьы ыҟоуп ҳәа лҳәоит лара.

"Алаԥш ҭәҳәа ҳәа иҟоуп, аԥсы лаԥш ҭәҳәа ҳәа иҟоуп, абза лаԥш ҭәҳәа ыҟоуп, аҭырқәшәа аҿынтәигьы аҭәҳәоу ҳәа издыруа дыҟоуп. Убри ауаҩԥсы ихәандаз ҳәа гәыразыла, хьаа имоуа-егьыиуа, иԥырхагамхо дҟамландаз ҳәа иҭәҳәо ауаҩԥсы акыр рыҭара ҳасаб акәӡам иара дзышьҭоу, иара дзышьҭоу дзыҭәҳәо ауаҩы игәабзиара иацландаз ҳәоуп. Уи аҽы алаԥш цәгьа ыҟоуп, аҳаиуанқәа рҿгьы иҟалоит алаԥш, ауаҩԥсы иԥырхагахоит. Аамҭала убыс ирҳәон, ҳабдуцәа рхаан ирҳәо саҳахьеит ахәыҷы иан лылаԥш иԥырхагахеит ҳәа. Ауаҩы иеиԥш аҽгьы алаԥш ӷәӷәаны иакуеит", - лҳәоит Рита Дбар-Ҭаниа.

Аҽырыҩрақәа раан аҽы алаԥш амкырц азы аҽы аҭәҳәа азыҟаҵаны инаргоит. Агара игароу ахәыҷы дахьыҟоу аӡәы данааиуа акәзар, зых пату ақәызҵо ауаҩы агарахь дхьаԥшӡом, ма "гарақәыршәк наҭи, дад" иҳәоит.

Плющ - Sputnik Аҧсны
Ашәчбӷьы, аҵәымӷқәа, арацәа ҽыҭқәа, мамзар аԥсуаа алаԥш рыҽшацәырыхьчо

"Убри ахаша ауыха, ауаҩԥсы дахьио икаруаҭ аҿы абанка азна аҩыи аӡыи леилаҭәаны, ашыла, ачашыла (ачашыла ыҟамзаргьы иуадаҩӡам), аџьыкхыш – леилаԥсаны, дахьио икаруаҭ аҵаҟа инхәыҵаургылоит, дыӡӷабума, дыԥҳәысума, дыҷкәынума. Ахаша ауыха иургылот, ауыха уа дыцәоуп, шьжьымҭан, ацәылашара анааилакь, аӡә ила иабаанӡа, ианаацәылашәшәо, ашарԥазы, абанка аашьҭыхны, иара илшо дыҟазар, ихала иганы, ихы иаакәырхшаны, хынтә, ауаҩԥсы дахыиԥырхагамхо, лассы-лассы дахьымнеиуа гәаҩак аҿы иршәны икаижьыр ҟалоит. Иԥҽыр ҟалоит, иԥымҽыргьы уадеҩӡам", – ҳәа абза лаԥш шырхырго атәы еиҭалҳәоит ажәабжьҳәаҩ.

Алаԥш ауаҩы иаахар ҟалоит аҳаиуан – арахә аҟынтәгьы, аҽы алаԥшгьы ауаҩы иаахар ҟалоит. Арахә рылаԥш азы иҭәҳәо ыҟоуп, хазы ашҳам аҭәҳәақәа ҟазҵо. Урҭ зегьы аӡәы дыршьа имаӡам. Рита Дбар-Ҭаниа иаҳзеиҭалҳәаз алаԥш ҭәҳәақәа иреиуоуп иара убас аԥсы лаԥш ахгашьа.

Аҵәассаҵла - Sputnik Аҧсны
Алаԥш цәгьа уацәызыхьчо аҵәассаҵла

"Ауаҩы зықәра маҷу, гәыблыла еибаҭаху, агәлымҵәах данԥслакь, абри иара еиҳа ииҭаху, диеҳәшьоума, диеҳәшьаԥҳаума, аԥсы лышҟа ихьаԥшуеит ҳәа иԥхьаӡоуп. Схаҭагьы сақәшәахьеит, издыруеит. Убри ацәымза адыркуеит, ишықәс ииасаанӡа, ишықәс ииасыргьы, ма аурычрак азы иҟауҵоит, ауаҩԥсы игәамбзиара анааиуа изеиԥшроу еиԥш. Ачыс хаа ҟаҵаны, ацәымза задыркуа еиԥш, ацәымза ааҟаҵаны, ауыха днеины ацәымза налыркуеит иара иҭаҳцәа рҿы, абри уаҳа ԥырхага лышҟа имнеиааит, лахьыԥшы-ҿыԥшы лааигәа имааит, уԥсы ҭынчзааит, нан, уахьыҟоу уара узы ибымбылхаат, ишәҭхаат ҳәа наҳәаны, бзиарас иҟоу зегьы нрыдкыланы, ацәашьы наубылуоит, убригьы ихәшәуп ҳәа иԥхьаӡоуп", – ҳәа азгәалҭоит.

Арҭ "ԥсыуаҵас ахәышәтәрақәа" ҳәа иҟоу аӡәы иҵандаз ҳәа ус иуҳәеит, иурҵеит ҳәагьы иауӡом лҳәоит лара. Уи ҭаацәарала, шьҭрала иаауа дырроуп. Насгьы удыррақәа зуҭо ауаҩгьы иара иҭахны, азҿлымҳара иманы дыҟазароуп, зегьы ирыцааиуам, аҭахра адагьы Анцәа ила иуцааиуазароуп. Ахԥатәи ахкы, Рита Дбар-Ҭаниа иаҳзеиҭалҳәаз алаԥш аҟәгашьа иазку "ахкәырша" ҳәа иашьҭоуп.

Аҭәҳәаҟаҵаҩ Лариса Саӷариаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Аҭәҳәаҟаҵаҩ Лариса Саӷариаԥҳа: аҭәҳәа аҳақьым ицхыраара иаҩсуеит

"Ахкәырша ҳәа иҟарҵо, икәтызар ҟалоит, ирбаӷьзар ҟалоит, убригьы мышкы аалхны, ианумшшьарам амш, амра анаацәырҵуа, амра анаақәыҷҷо, дааудыргылан, агәарԥ аҿы днаргыланы, зықәра ыҟоу аԥҳәыс дыҟазар, иҟалҵоит, зықәра ыҟоу дыҟамзаргьы, ахаҵа иҟаиҵаргьы агьамаӡам, ан дыҟазар, аб дыҟазар, анду дыҟазар, абду дыҟазар, иҟаиҵар ҟалоит, абас хынтә ихы иаакәырхшаны, абри иахьа уара иузкны инаусышьҭуеит, агәамбзиара иудхаланы иҟоу, алаԥш уԥырхагоума, агьыс, даҽа ԥсы лаԥшума, абри арбаӷь ноусышьҭуеит ухы иакәырхшаны, икәтызаргьы иаманы ицааит, уаҳа уааигәара имааит, алаԥш-ҿаԥшы ушҟала имааит, агәыцқьара ҳазшаз иуиҭааит Хәа Анцәа уааиҳәаны арбаӷь агәарԥ инҭыганы инауужьуеит, згәы бзиоу ҳәа иҟоу хәарҭас иоуааит. Убригьы ихәшәуп ҳәа иԥхьаӡоуп", – ҳәа инаҵылшьуеит лара.

Иалкаатәуп, ас еиԥш ала "ахәышәтәрақәа", аҭәҳәақәа, мамзаргьы жәлар рмедицина адунеи ажәларқәа ирылаҵәаны ишыҟоу, досу дара рҵас, рқьабзқәа ирышьашәаланы. Иҟоуп ауаҩы дызхәышәтәуа еиԥш, иԥырхагоу ҟазҵогьы ("вредоносная магия"). Аҭәҳәаҟаҵаҩцәа рнаҩсангьы, иҟоуп адырыҩцәа. Дара ахархәара рымоуп ҳаамҭазынгьы. Иҟоуп шәҟәыла иҵаны уи "азанааҭ" знапаҿы иаазгогьы, мамзаргьы зхазы изҵо, иҟазҵо.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0