Анцәа иахь иуқәуҵаз ажәа: аҿаҭахьа аҵаки анагӡашьеи

© Sputnik / Томас ТхайцукАхәажә
Ахәажә - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иацаҳҵоит аҿаҭахьа (акәырбан) иазку азҵаарақәа рылацәажәара. Иахьатәи ҳанҵамҭаҿы ахәыҷы изы аҿаҭахьа ақәҵара шымҩаԥырго атәы, иара убас ҳаамҭазы аҿаҭахьа иамоу азеиԥш хархәара атәы.

Есма Ҭодуа, Sputnik

Аҿаҭахьа – ари Анцәа иахь ухы нарханы иуҳәаз акрызҵазкуа ажәа ауп. Аҿаҭахьа ҟазҵо Анцәа ажәа ииҭоит ак шыҟаиҵо, иҷыдоу "ҳамҭак шизнеиго", игәахәтәы дахьӡар. Ҳаамҭазы ас еиԥш аҿаҭахьақәа ҟарҵо иалагеит, иаҳҳәап, аӡәы аҵара дызҭаларц дманшәалаханы ҳәа (аиҳарак анҭыҵ ицо рзы), мамзаргьы мҩа харак иқәгылоу аӡәы изы, арра ицо изы уҳәа.

Нас, аамҭа анцалак ашьҭахь, ҿырԥштәны иаҳҳәозар, арра ицаз, далган данаалак, аҿаҭахьа зқәызҵаз ииҳәаз наигӡоит. Шамахамзар, ҿаҭахьас ирықәырҵо ауаса-шьтәа ауп, мамзаргьы иоура ашәара ацәашьы, акәакәарқәа. Ауаҩы хатәгәаԥхарала, игәы азыҳәаны аҿаҭахьа ҟаиҵоит, уи ииҳәаз ажәагьы наимыгӡар ҟалаӡом.

Гәыԥ ақыҭан инхо Агнесса Ԥлиаԥҳа–Ханагәуа лхәыҷқәеи лмоҭацәеи рзы еиуеиԥшым аныҳәарақәа мҩаԥылгоит, аҿаҭахьагьы налаҵаны.

 

© Foto / предоставлено Агнессой Ханагуа ПилияАгнесса Ԥлиаԥҳа–Ханагәуа
Анцәа иахь иуқәуҵаз ажәа: аҿаҭахьа аҵаки анагӡашьеи - Sputnik Аҧсны
Агнесса Ԥлиаԥҳа–Ханагәуа

Лара ишазгәалҭо ала, акәакәарқәа хшыла ижәны ишыҟасҵара ҳәа ҿаҭахьаны иануқәуҵа, уи уаса шьтәак аҟара аҵанакуеит, иӷәӷәоуп. Уажә ааигәагьы лмоҭа хәыҷы лзы абас еиԥш ала аҿаҭахьа илықәылҵахьаз налыгӡеит.

 

"Убри ахәыҷы ӷәӷәала дычмазаҩхеит. Ӷәӷәала данычмазаҩха, абри акгьы лмыхьырц, лаҳәшьцәа, лан, лаб, убарҭ дрыгымхарц азыҳәа акәырбан сықәысҵеит хшыла ижәны ҳәа акәакәарқәа 22 цыра, ацәашьқәа ҩба. Убри акәырбан убас иҟоуп, хшыла иануҳәа, уасак иаҵанакуа аҵанакуеит. 22 цыра ҳәа акәакәарқәа зыҟарҵо, абри ахыԥхьаӡара маншәалоуп ҳәа иԥхьаӡоуп. Ацәашьқәагьы акы акәӡам, ҩба роуп, уигьы иаҳа аманшәалара ацуп", – ҳәа ҳалҳәеит лара.

Ахәыҷы лчымазара анылхылга ашьҭахь, рацәак хара имгакәа, мҽышак аҽны уи лҿаҭахьа налыгӡеит (аҿбаара ианыҵам). Данныҳәозгьы абарҭ ажәақәа рыла дныҳәеит:

"Аҿаҭахьа исықәу бзыҟасҵоит, агәабзиара быманы, аманшәалара быманы, уаҳа бычмазҩымхо, баԥхьаҟа бманшәалахо, аҵарақәа бҵо, буаҩ дуны убас Анцәа бҟаиҵааит зықьнашықәсала. Абри быхьӡала аҿаҭахьа сықәысҵеит: ахәажәа хшыла ижәны, ацәашьқәа ҟаҵаны, убри ба бзыҳәан, быԥсы ацынхәрас ҳәа убри бзыҟасҵеит, агәабзиара, аманшәалара быманы, баҳәшьцәа быгымкәа, бан, баб быгымкәа, ибҭаху быгымкәа, убас Анцәа бҟаиҵааит", – ҳәа бзиарас иҟоу налыдкыло, ахәыҷы дылныҳәоит.

Аҿаҭахьа иахьатәи ахархәара ҳазыгьежьуазар, иаҳгәалаҳаршәар ҟалоит 2014 шықәсазы аныхаԥааҩцәа ирықәырҵаз, нас 2015 шықәсазы инарыгӡаз аҿаҭахьа. Усҟан Аԥсны Ахада иалхрақәа раан аибарххарақәа аныҟала, аныхаԥааҩцәа Лыхнашҭаҿы ажәа рҳәеит зегь маншәаланы имҩаԥысыр, иалырхлакгьы, абраҟа дааганы ишидныҳәало ҳәо. 2015 шықәсазы ус иагьыҟаҵан. Аҿаҭахьа анрықәырхуазгьы Аԥсны анапхгара рныҳәеит ауаса-шьтәа агәи агәаҵәеи ала.

Лыхны ақыҭан аныҳәара мҩаԥыргеит>> 

Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы аԥсуаа еснагь ас еиԥш иҟаз аҿаҭахьақәа рыдыркылон ажәлар ирзеиӷьу Анцәа иҟаҵа ҳәа. Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраангьы иҟан досу хаҭала аҩны аҿаҭахьақәа зқәызҵозгьы. Усҟан иаҳа аԥыжәара змаз ҿаҭахьан "абри деибганы дгьежьуазар нышәнапык адгьыл шысфара" ҳәа ан лықәра. Иара убас аҭыԥ аман жәлары зегьы еидкыланы рхықәаара, аҿаҭахьа рзыҟаҵарагьы.

Ажәакала иуҳәозар, иумбар залшом ари аныҳәаратә форма ҳаамҭа иаланалаго аԥсахрақәа шацугьы, аҿиара аманы ишыҟоу.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0